Аҧсуаҭҵааратә институти Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети рыбзоурала Аҧсны 2005 шықәса азы иҭыҵит аҧсшәа аҭҵаара аџьабаарацәа азызбахьоу аҵарауаҩ ду, апрофессор Владимир Арушьан-иҧа Касланӡиа еиқәиршәаз, ҳажәлар шықәсырацәала иззыбжаз, гәыҕрадула иззыҧшыз «Аҧсуа-аурыс жәар».
Жәаҳәарада уи аҧсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа, ҷыдала иуҳәозар, ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи, арҵаҩцәеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рзы акыр игәышьҭыхгахеит. Ашәҟәы цхыраагӡахеит еиуеиҧшым аҵараиурҭақәа рҿы иахьа аҵара зҵо аҿарацәа – ашколҷкәынцәеи астудентцәеи рзы. Ауаажәлар ракәзар, урҭ ҿыц-ҿыц ирызцәырҵит агәыҕра рхатәы бызшәа – аҧсшәа – анарха бзиа змоу, ӡра зқәым, аринахысгьы еиқәхараны иҟоу абызшәақәа ишреиуахо. Аҭыжьымҭа ргәы шьҭнахит аҭыҧантәи аиҭагаҩцәагьы. Уажәшьҭа хыхь еиқәысҧхьаӡаз ауаа зегьы, «кыр зычҳаз – кыр ибеит» ҳәа, иҧшуа иалагеит ажәар аиқәыршәаҩ Владимир Касланӡиа даҽазынгьы ҳиргәырҕьап ҳәа ҳаззыбжоу «Аурыс-аҧсуатә жәар» аҭыжьрала.
Уажә иҭыҵыз ашәҟәы, 1986-1987 шықәсқәа рзы Аҧсны иҭыжьыз «Аҧсуа бызшәа ажәар» иаҿурҧшуазар, еиҳа игәылҭәаауп. Араҟа раҧхьаӡа акәны иҟаҵоуп аҽазышәара бзиа ҳбызшәа иалаз ажәытәӡатәи ажәақәа реиқәырхаразы. Еиқәырхоуп аҧсшәацәа зыҟәну, ҳбызшәа зырбеио, аамҭала иӡхьаз, ма аӡразы рацәак згымыз ажәақәа. Аиашазы, ашәҟәы злаурҽхәаша аҷыдарақәа маҷым. Иазгәаҭатәуп ажәар аполиграфиатә еиқәыршәашьа бзиа, ашәҟәы аҿыгҳара, уи аилазаашьа, аҧхьаҩ изнагашьа, жәлар рҿалаҳәара аныҧшшьа.
Аха, ус егьа иҟазаргьы, аҭыжьымҭа иамоуп уи аҵакы зырҧсыҽуа кәама-ҵамақәакгьы. Урҭ иахьазы гәхьаамкрала рааныжьра ауазҭгьы, хымҧада, ҳрыхцәажәарын аусумҭа злаҵоуроу аганқәа заҵәык. Аха абызшәа уаҵәтәи аҧеиҧш лаша хьаас иҳамазар, шәааи, аҧсаҭеи-аџьыкаци ҳәа, ҳаизхәыцны, ҳахшыҩ еилаҵаны, цхыраагӡак, мҩақәҵагак аҳасабала иазгәаҳҭарц ари ажәар аҟны аҭҵаара аус шеиҿкаау, насгьы ишеиҿкаатәу. Уажәы ҳаиасып азгәаҭақәа рыхцәажәарахь.
«Аҧсуа-аурыс жәар» ҿыгҳарала ишмаҷымгьы, уи иаламлеит аҧсшәа ахатә фонд иалазарц зықәнагаз ажәақәа. Урҭ хыҧхьаӡарала имаҷым, зегьыҵәҟьа ралкаара уадаҩуп, убри аҟнытә, иазгәаҳҭап нбанцыҧхьаӡа еиҳа ирбагатәу ҿырҧштәқәак.
Иаагап анбан «Н». Ари анбан шьаҭаны измоу, абраҟагьы иарбоу ажәақәа, изыхҟьазаалакгьы, зыӡбахә ҳамоу ажәар иаламлеит. Абар урҭ ажәақәа: ана׳ваҧалара, ана׳ваҧсара. ана׳ваҭәара, ана׳вацалара, ана׳ваҵара, ана׳ваҵәира, ана׳вгара, ана׳вҧшра, а׳навс-а׳авсра, ана׳вҳәҳәара, ана׳гаха, ана׳гәара, а׳наҕрагылара, а׳наҕрасра, а׳наҕрысра, ана׳дгылара, ана׳дҧсылара, ана׳дҧшылара, ана׳дсылара, ана׳дтәалара, ана׳дхалара, ана׳дҳалара, ана׳дҳәалара, ана׳дцара, а׳надҵара, ана׳дшьылара, ана׳жәлара, ана׳жәҵара, а׳назырхара, а׳наӡааӡара, ана׳кәшара, ана׳қәҧалара, ана׳лагылара, ана׳лагьежьра, ана׳лажьра, ана׳лаӡра, ана׳лакра, ана׳лаҟьара, ана׳лалара, ана׳лаҧшра, ана׳ларгылара, ана׳ларгьежьра, ана׳ларҧара, ана׳ларҧсра, ана׳ларсра, ана׳лартәара, ана׳лҧраара, ана׳лҧсаара уҳәа убас егьырҭгьы.
Анбан «С»: аса׳барыцқьага, а׳сабира, асаҧа׳р, уҳәа убас егьырҭгьы.
Анбан «Ҭ»: аҭа׳цәаакра, аҭа׳ҵәахтә, аҭа׳чаҧара, аҭаҿара׳, аҭашәкәара׳, аҭҟәа׳шәаа, аҭоубы׳ҭ, аҭҳара׳ҳәа, а׳ҭҳарцәҳәа уҳәа убас егьырҭгьы.
Анбан «ШӘ»: ашәа׳қьшьхәа, ашәиқәа׳, а׳шәҭыҧсы, ашәха׳жьра, ашәхаршьшьра׳, ашәхахара׳, ашәч, ашәшәа׳ҳәа, а׳шәшәҩы.
Анбанқәа «Џ», «ЏЬ»: аџы׳шеиҵаҵа, аџьа׳мш, аџьы׳башәҟәы.
Ажәар аҿы имаҷым аҧсшәа иалоу абжьықәыҕәҕәаратә ҧҟарақәа реилагара зныҧшуа аҿырҧштәқәа. Раҧхьа иазгәаҳҭап ажәар аҟны арҭ ажәақәа абжьықәыҕәҕәара шырзықәыргылоу, ахыц дуқәа ирҭакны ианаҳҵап уи шықәыргылатәыз: аҟа׳заара-анызаара (а׳ҟазаара-анызаара), аҟала׳гәара (аҟалагәа׳ра), ҟыбз-ҟыбзу׳а (ҟыбз-ҟыбзуа׳), амади׳ар (амадиа׳р), амажьди׳а (амажьдиа׳), ама׳қарҩы (а׳мақарҩы), амалабаша׳ (амалаба׳ша), аматри׳ца (ама׳трица), а׳мацасра (ама׳цасра), а׳муча (аму׳ча), амҿеи׳қәҵара (амҿе׳иқәҵара), амҿу׳асҭа (амҿы׳уасҭа), анавагы׳лара (ана׳вагылара), Са׳ӡны (Саӡны׳), аса׳ркьалбжьы (асаркьа׳лбжьы), аситу׳ациа (аситуа׳циа), аста׳ница (астани׳ца), астипенди׳а (астипе׳ндиа), сыҧсымза׳р (сыҧсы׳мзар), атрансли׳ациа (атранслиа׳циа), атәҕәыбжьара׳ (атәҕәыбжьа׳ра), аҭаҵәу׳ара (аҭаҵәы׳уара), аҭы׳ӡгәара (аҭыӡгәа׳ра), афилосо׳ф (афило׳соф), ашьаҟауа׳ҩ (ашьаҟа׳уаҩ), ашәаџьҳәа׳ҩ (ашәа׳џьҳәаҩ). Абарҭрҩызцәа аҿырҧшқәа маҷым, убри аҟынтә урҭреиқәҧхьаӡара абра иаанкылатәуп ҳәа азысыҧхьаӡоит.
Еилкаам иара убас аҧсуа бызшәа иалоу ажәа еиҳа ииашаны ишҳәатәу: амамырџа׳гә (амамы׳рџыгә), а׳мапкра (ма׳пкра), амаркаџьы׳ (амыркџьы׳), ама׳р - ама׳рч - аба׳рч (еиҳа ииашазар ҟалап «ама׳рч»), амаҭәахшьы׳га (а׳маҭәахшьыга), амжәа׳бҕь (амжәабҕьы׳), ампы׳шҭа (а׳мпышҭа), а׳мшьҭакы (амшьҭкы׳), нага׳рҭа (на׳гарҭа), асака׳са (а׳сакаса), а׳сақә (аса׳қә), асахьаҭы׳хра (аса׳хьаҭыхра).
«Аҧсуа-аурыс жәар» аҿы имаҷым аҧсшәахь еиҭагатәыз, аха еиҭагамкәа, ус баша, анбан «а» заҵәык нацҵаны ахархәара зызуу ажәақәа. Иаагап еиҳа угәы узырхьуа ҿырҧштәқәак: авелосипед, аверсиа, авертикал, агарантиа, агени, агигант, агиҧс, агном, адезертир, адеспот, адеталь, адиуал (адуель), египеттәи, аемиграциа, аекзамен, аеқспансиа, аепоха, аерудит, аетимологиа, аинвалид, амазут, амаксимум, амамонт, аманекен, аманикиур, амассаж, амассив, аматерик, аматриархат, амелиорациа, амемуарқәа, аметеор, аметеорит, амонолог, амонографиа, алава, асадизм, асеиф, асенсациа, асерна, асимптом, асирена, аситуациа, асклероз, асоиа, асолист, астаж, астихиа, асуфлиор, атавтологиа, аталант, ателефон, атермометр, атренер, атрубодур, атуберкулиоз, афальш, афанатик, афармацевт, афауна, афинал, афиниш, афлеита, афлора, афольклор, афонтан, афраза, афразеологиа, афутбол, ашарф, ашахҭа, ашвеицар, ашлем, ашофер, ашпион, аштраф уҳәа убас егьырҭгьы.
Ирацәоуп ажәар аҟны анбан «ы» ахьыргылатәыз, аха иахьыргылам аҭыҧқәа. Иаагап ҿырҧштәқәак: ақдса׳ҟә (ақыдса׳ҟә), ақдхҵәа׳ха (ақыдхҵәа׳ха), аҟәҧсы׳ (аҟәыҧсы׳), амсы׳рқьаадш (амсы׳рқьаадыш), амҵәы׳шәмпыл (амҵәы׳шәымпыл), мшәҟәыш (мышәҟәы׳ш). Иара убри аамҭазы иҟоуп ажәақәа анбан «ы» ахәҭамкәа иахьыргылоу: сентиабыртәи, атеатыртә уҳәа убас егьырҭгьы.
Иахәҭамызт ҳәа агәаанагара ҳамоуп заҧсуа вариант ыҟоу аурыс ажәақәа ҳжәар ралаҵара, иаҳҳәап, абҷат («амҳәыр» ҳәа, аҧсуаа иаҳтәымзаргьы, ҳжәар иалалахьоу ажәа ҳамазар), амагазин («адәқьан» ҳәа ажәа ҳамазар), амарла (акасыш). Ҳбызшәа акыр иарҿаасҭоит абарҭ ажәақәа: «амакарышь», ма «амакарыч» (магарыч), «аспычка», «аҟаршкапет», «амазон». Насгьы еиҕьӡами иҧшӡаӡа аҧсуацәа зыҟәну ажәа «асабарыцқьага» аҳәара ажәа «абыбы׳цхәлапҟа» ацынхәрас. «Агенерал» ҳәа акәымкәа еиҕьӡамзи «аинрал» ҳәа ажәлар зышцылахьоу ажәа ааныжьра?
Аҧсуаа рахьтә имаҷым зыжәлақәа, ҧсыуаҵас ишахәҭоу акәымкәа, аурыс илымҳа ишанаало ала ашәҟәы иҭаҩҩу. Иаҳҳәап, Гогәуа (Гәагәыуа ацынхәрас), Кобахьиа (Кәабахьиа ацынхәрас), Коҕониа (Кәаҕәаниа ацынхәрас), Џьениа (Џьниа ацынхәрас). Арҭ аҿырҧшқәа ирыцҵазаргьы ауеит, аха абра иаанаҳкылап. Иаҳарбаз ажәақәа ирҧеиҧшхаз «лахьынҵала» акыр иазааигәоуп ажәар иарбоу ажәа «аге׳муа» (ари ажәа ҧсышәала иҩтәын «агьамыуа» ҳәа). Ажәа «египеттәи» ҳхы иаҳархәо ҳалагазар, уажәшьҭа дук хара имгакәа ҳжәар иалганы икаҳажьуазар, иаҳхаҳаршҭуазар акәхап ажәа «мсыртәылатәи».
Иҟоуп ажәар аҿы зҵакы еилагоу, ииашаны иарбам ажәақәагьы. Иаагап ажәа «аа׳ҵрахәшә». Аижәлантәқәа-аешьцәа Кәарчиаа (В.А. Кәарҷиа, В.Е. Кәарҷиа, О.В. Кәарҷиа) еицҭрыжьыз ашәҟәы «Аҧсны ақыҭа нхамҩа аекономика» аҿы ажәа «аа׳ҵрахәшә» еиҭагоуп «будра плющевидная» ҳәа, В.А. Касланӡиа ижәар аҿы «Фиалка душистая» ҳәа. Уажәы игәаҳҭап Кәарҷиаа рышәҟәы иарбоу, аха «аҧсуа-аурыс жәар» иарбам ажәақәа. Урҭ иреиуоуп: абыҕьҟьаҟьа, абнашымҳа – ашымҳахәшә – ашымҳасса, ажьамрахәшә, аӡҭиаа, аидарашьҭҩы, аидарадкылаҩы, акамахәшә, ахьынчкәыр, алыҵә уҳәа убас егьырҭгьы.