Ишǝыдызгало атема аҩныҵҟа аныҧшра аиулоит Афорум ахархǝаҩцǝеи ажурналистцǝеи реиҿцǝажǝара. Хымҧада, уи ишьҭнахуеит ҳ-Форум аҳаҭыр, ҳасасцǝа ракǝзар, идеилнаркаауеит ҳагǝҭакы, ҳҭакҧхықǝра, ҳгǝаанагара. Абар уажǝы анҵара ахǝҭаны исыҧхьаӡеит 2007 ш. рзы акьыҧхь збаз, Гагра иҭыҵуа агазеҭ ианылаз, еицырдыруа аҧсуа журналист Лиудмила Сергьегьиеи (Лиудмила Чықь-ҧҳаи) сареи ҳаиҿцǝажǝара.

АҦСУА ЖƏЛАР РЕИҚƏЫРХАРАЗ АҦСУА ЖƏЛАҚƏА РЕИДГЫЛА
Шықǝсқǝак раҧхьа Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟǝа имҩаҧысит Аҧсуа-абаза жǝлақǝа Актǝи реизара ду. Уи аизара мҩаҧган Аҧсуаҭҵааратǝ институт аетнологиа аҟǝша аусзуҩы, Кавказ нхыҵ-аахыҵ еицырдыруа, Аҧсны аҩныҵҟа аҳаҭыр зқǝу арегионалтǝ усеицуразы аиҿкаара «Кавказ – ҳара ҳзеиҧш ҩны» ахада Дауҭ Мкан-иҧа Дасаниа ибзоурала. Аизара иалахǝын Аҧсны Ахада В.Г. Арӡынба ихаҭыҧуаҩ Валери Аршба, усҟантǝи Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Владимир Занҭариа, Ҟарачы-Черқьесиатǝи Ареспублика Жǝлар Реизара адепутат Муҳадин Шенкао, аижǝлантǝқǝа Қьышьмахǝарааи Қьышьмариааи рхада Умар Қьышьмахǝа, еиуеиҧшым аҧсуа-абаза жǝлақǝа рхаҭарнакцǝа. Аизара иалахǝыз еицҿакны ишырӡбаз ала Аҧсны иаҧҵахараны иҟан ауаажǝларратǝ еиҿкаара ҿыц – Аҧсуа-абаза жǝлақǝа реидгыла. Уи аилкаараз сара сиҿцǝажǝеит аиҿкаара «Кавказ – ҳара ҳзеиҧш ҩны» ахада Дауҭ Дасаниа.
- Дауҭ, уара Аҟǝа раҧхьа имҩаҧугаз аизара, ибзианы иудыруеит сара хаҭала сшалахǝыз, иара убас гагратǝи аделегациа. Усҟан ҧшǝымеи-саси еицазыразны ирыдыркылеит ақǝҵара Аҧсуа-абаза жǝлақǝа реидгыла хара имгакǝа иаҧҵатǝуп ҳǝа. Убри ашьҭахь аизара ишьҭнахыз ақǝҵара ақǝкы нагӡахама, насгьы ҧхьаҟа ҧеиҧшс иамоузеи ари аиҿкаара?
- Аиашазы, 2004 шықǝса, мшаҧымза 2 рзы Аҟǝа Аминистрцǝа реилазаара ахыбраҿы имҩаҧысыз Аҧсуа-абаза жǝлақǝа Актǝи реизара ду амҩаҧгара ус имариамызт. Бызҵаара аҭак азыҟасҵаанӡа исҭахуп иазгǝасҭарц Аҧсны араионқǝа рҟынтǝ зегь реиҳа ацхыраара шыҟанаҵаз Гагра араион. Аҧсуа-абаза жǝлақǝа реизара амҩаҧгареи нхыҵынтǝ асасцǝа рыдкылареи ирыҵаз ауадаҩрақǝа еилкааны араион ахадареи ауаатǝыҩсеи 2004 шықǝса рзы иҟарҵеит аҧаратǝ цхыраара. Усҟан ари аус дадгылеит араион ҧыхьатǝи ахада Валери Бганба. Абраҟа ажǝаҧхала рыӡбахǝ сҳǝар сҭахуп Роман Бениа, Владимир Ақсент-иҧа Бениа, Лев Хынҭыжǝ-иҧа Кьетиа. Иааизакны ажǝлар еицырзеиҧшыз аус ду хатǝ уск аҳасабала иазыгǝжǝажǝо адгылара бзиа арҭеит Илиа Конџьариа, Валери Орчыҟǝба, Абесалом Беиа, Леонид Габлиа, Игор Шьершьелиа, Аслан Ӡаҧшьба, Саид Лакоба, Қыбеи Смыр, уҳǝа убас аӡǝырҩы. Аизарахь ауаарацǝа мнеир, ухықǝкы егьа ибзиазаргьы, уус маншǝалахом. Абри еилкааны сара сҽырзынасырхеит Аҧсны Жǝлар Реизара адепутатцǝа, араионқǝеи ақыҭақǝеи рхадацǝа, аҧсуа жǝлақǝа рхадацǝеи рхаҭарнакцǝеи. Ари ааҧхьара еилызкааз ҟалеит, иззеилымкаазгьы рацǝахеит. Уимоу иҟалеит «иабатǝи еизароу, иабатǝи еидгылоу» ҳǝа зҳǝазгьы, аизарахь инеирц зҭахны иназмышьҭызгьы. Сиасуеит бызҵаара хада аҭак азыҟаҵарахь. Ииашоуп, иаҧҵахараны иҟан ауаажǝларратǝ еиҿкаара ҿыц – Аҧсуа-абаза жǝлақǝа реидгыла. Усҟантǝи аамҭазы, изыхҟьазаалакгьы, ари аиҿкаара заҧҵамхеит.
- Избан ақǝҵара ақǝкы хада зынагӡамха?
Ишыбдыруа еиҧш, аҧсуа-абаза жǝлар еидызкыло аиҿкаара аҧҵаны иҟоуижьҭеи акрааҵуеит. Уи ахьыӡгьы бзиоуп, иалшахьоугьы маҷым. Убри аҟынтǝ, «еицлабрак» аганахьала ҧықǝсыларак ҟамларазы, сара изыӡбеит ҿыц иаҧҵахараны иҟоу аиҿкаара «Аҧсуа-абаза» ҳǝа акǝымкǝа «Аҧсуа жǝлақǝа реидгыла» ҳǝа хьӡыс иасҭарц. Араҟа сара ибзиаҵǝҟьаны еилыскаауеит ажǝлақǝа имҩаҧыргахьоу аизара ду ақǝҵара хатǝгǝаҧхарала ишаасырҳǝуа, уи ахара сара исыдзааит, акызаҵǝык исҭаху, аиҿкаара аус ауны ҳажǝлар рҿаҧхьа иҵарны иқǝгылоу азҵаарақǝа рыӡбароуп. Ҳашьцǝа абазақǝа ракǝзар, урҭ ҳара иаҳҿаҧшны, ҳаиҿкаара аҧҟаҧҵǝа (аустав) рхы иархǝаны еиҿыркаар ҟалоит ихьыҧшым Абаза жǝлақǝа реидгыла.
- Жǝаҳǝарада, Аҧсуа жǝлақǝа реидгыла ҳǝа хьӡыс изауа аиҿкаара иахьа уажǝраанӡагьы иаҧҵазарц ахǝҭан. Аиҿкаара ҿыц аҧҵара хықǝкыс иумоуп, аҽазыҟаҵарагьы уаҿуп. Ари, сара ишеилыскаауала, аилабжьареи, аидгылареи, аицхыраареи аҧызҵо ус дуӡӡоуп. Аха иҟалар ҟалоит уара ухықǝкы ззеилымкаауа, ма еилызкаарц зҭахым ҳажǝлар рхаҭарнакцǝа. Урҭ абри аус иадгыларатǝа знагашьас иҟоуҵои? Насгьы ирабжьоугои?
- Аҧсуа жǝлақǝа реидгыла – ари «ҳаҧсыуаауп» ҳǝа зхы зыҧхьаӡо ажǝлақǝа еидызкыло, ҳажǝлар рхы-ргǝы иалоу азҵаарақǝа рыӡбара алзыршо, ҳмилаҭ еиламырцҳаӡакǝа рныҟǝгара иацхраауа ихьыҧшым, иполитикатǝым уаажǝларратǝ еиҿкаарахоит. Уи еилыхк ҟамҵакǝа еиднакылароуп Аҧсни Аҧсны аҳǝаақǝа рынҭыҵи инхо аҧсуа жǝлақǝа зегьы. Аидгыла иалшароуп ҳаҧсуа жǝлар ҧхьаҟатǝи рҿиара арманшǝалара, ҳмилаҭи ҳбызшǝеи реиқǝырхара, ҳажǝлар хыҧхьаӡаралеи хаҭабзиаралеи ирызҳаратǝа алшарақǝа рзаҧҵара. Изеицǝааӡари, адунеи иқǝу, иааизакны абаза жǝлар ҳǝа еицырдыруа, аҭоурых дуӡӡа змоу аҧсуа-ашǝуа жǝлар иахьа аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылоуп.  Ирацǝоуп ҳажǝлар ҩныҵҟала ҳҵызфаауа, адǝахьала ҳаиқǝызмыршǝо амчрақǝа. Акǝты ашьыга ашьаҧхыц иҵнахуеит ҳǝа, имаҷӡам ҳаамҭазтǝи аҭагылазаашьа ҳара ҳхаҭақǝа ианҳаруадаҩуа. Аҧсуа жǝлақǝа реидгыла аҧҵаны иҳамазҭгьы агǝра ганы сыҟоуп ҳажǝлар Аҧсны 2004 ш. рзы апрезиденттǝ алхрақǝа анымҩаҧысуаз изықǝшǝаз аилибымкаара иақǝшǝомызт, иахьа лабҿаба иаабо аиҕарагьы ҟаломызт ҳǝа. Ҳаалаган, гǝыҧ-гǝыҧла ҳҽеиҩаҳшеит. Уи азмырхакǝа, еиҩаҳшеит ҳажǝлақǝа, ҳажǝлақǝа злашьақǝгылоу абиҧарақǝа, абиҧарақǝа шьаҭас ирымоу аҭаацǝарақǝа. Ганха инымхеит арҭ аҭаацǝарақǝагьы. Урҭ рыҩныҵҟа имаҷым еилыҵыз, иахьа уажǝраанӡа еинымаалац ахацǝеи аҳǝсеи. Жǝытǝаахыс Аҧсныжǝлар рҽеиҩыршозҭгьы Аҧсны ныҟǝызгои Аҧсны иныҟǝнагои агǝыҧқǝа ҳǝа, уажǝазы ҩныҵҟалагьы гǝыҧ-гǝыҧла рҽеиҩыршеит хазы - Аҧсны ныҟǝызгои, хазы - Аҧсны иныҟǝнагои рхаҭақǝа. Изеиҿамҧшуа инхаз аҧсуаа мап ацǝыркит адǝыҧсшǝа аҳǝарагьы. Ажǝакала, еицǝоу умбакǝа еиҕьу уздыруам; ас акыр ианца, ҳажǝлар бзиа, ҳмилаҭ ҧшӡа хара имгакǝа рыцҳара дуӡӡак изалымҵуа иалашǝар, абыхǝ жǝлар (аублаақǝа) реиҧш аҟамзаара атымитыша иахǝлабгар ауеит.
- Дауҭ! Сара издыруеит аидгылара зыбжьоу ажǝлақǝа. Урҭ реижǝлантǝқǝа еиқǝшǝоит шықǝсык ахьтǝ знык. Сара хаҭала сақǝшǝахьеит аижǝлантǝқǝа Габлиаа реиҧылара. Арҭ рҩыза аиҧыларақǝа реиҿкаара аринахыс ҿыц иаҧҵахараны иҟоу аиҿкаара ацхраауама, мамзаргьы иаҧырхагахома?
- Имаҷым ҳаамҭа ицǝырнагаз ауадаҩрақǝа ирхылҿиаауа аҧырхага ду еилызкаауа, Аҧсны аҧеиҧш азҵаара аӡбара ҭакҧхықǝрала иазнеиуа ҳажǝлар рхаҭарнакцǝа. Урҭ ыҟоуп жǝлацыҧхьаӡа. Бжеиҳаӡан урҭ рыбзоурала акǝзаргьы ҟалап аҧсуа жǝлақǝа уажǝраанӡа иҵару ҟыҟ-ҿыҟда иахьааибаго. Аха ус егьа иҟазаргьы, ажǝлақǝа реиҳарак шықǝсык знык еибабозаргьы, урҭ рахьтǝ рхыҧхьаӡара унацǝкьысла иуҧхьаӡаратǝа иҟоуп акрыфараз акǝымкǝа аилабжьараз, аицхыраараз еиқǝшǝо ажǝлақǝа. Иара убас имаҷым шықǝсык ахьтǝ знык иадамхаргьы изеиқǝымшǝо ажǝлақǝагьы. Ажǝлақǝа рахьтǝ даара ирацǝоуп иахьа ҧызада адǝы иқǝхаз, зҭоурыхтǝ хьыӡ-ҧша зхашҭыз, иара зхылҵшьҭрагь згǝаламшǝо. Шǝааи, еиқǝаҳҧхьаӡап уажǝтǝи ҳаамҭазы зегь реиҳа иаҳныҧшыз, ҳаҳаҭыр бжьызхуа, ҳахьыӡ-ҳаҧша хǝыдазтǝуа ацǝырҵрақǝа; ҳажǝлар рҵас-рқьабз ахамҵгылара; жǝла-жǝлала, ма гǝыҧ-гǝыҧла аичычара; ҳмилаҭ рхыҧхьаӡара аиҵахара; ҳҿар рхаҿрадара; еиқǝаҵǝала аиҵашьыцра; Аҧсны аҵаҕьычра; аҽшьрақǝа; акриминалтǝ ҭагылазаашьа аҵарра; арыжǝтǝџьбарақǝа рыҽрыдцалара; аҳǝса рыҩныҵҟа есааира зыҽзырҭбаауа ацǝыбзара; ажǝла бзиақǝа ирыҵкарны, арахь хыҵакырҭак змам ахǝыҷқǝа рхыҧхьаӡара азҳара… Зегь ҳҿаҧхьа иқǝгылоу, ахыжǝеиҧш ҳхы-ҳгǝы иалоу абарҭ азҵаарақǝа иҳадырҵоит дук хара имгакǝа иаҧаҳҵарц еилыхк ҟамҵакǝа аҧсуа жǝлақǝа зегьы еидызкыло ауаажǝларратǝ еиҿкаарак. Уи аиҿкаара хьӡысгьы иаиуеит Аҧсуа жǝлақǝа реидгыла.  Агǝра шǝсыргоит ажǝлақǝа реидгыла аҧҵаны ҳусқǝа анҳарҽеилак, ас еиҧш иҟоу аиҿкаара аус ауеит ҳǝа раҳар Аҧсны налҵ (Урыстǝыла, Ҭырқǝтǝыла, Украина, Германиа, Америка, Шьамтǝыла) инхо ҳџьынџьуаа аҧаратǝ цхыраарагьы шыҟарҵо.
- Саҭамыз. Аҧаратǝ цхыраара уалацǝажǝоит. Жǝаҳǝарада, иарбан еиҿкааразаалак иамазароуп ахатǝ фонд. Иалазгалода уи аҧара, насгьы хырхарҭас иаиуазеи?
- Аиҿкаара аҧара аларгалалоит уи асовет иалоу ажǝлақǝа. Есышықǝса знык ажǝла ныҟǝызго аижǝлантǝқǝа ҭӡыцыҧхьаӡа еидыркылоит 300-500 мааҭ аҧара инадыркны дасу шаҟа илшо. Ари ашǝахтǝ аҩаӡара еицазыразны ирӡбыроуп ажǝлақǝа реидгыла асовет иалало аҧсуа жǝлақǝа рофициалтǝ хаҭарнакцǝа. Урҭ иадырбаз ашǝахтǝ ршǝалароуп Аҧсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаагьы. Афонд аҧара алоугалар ҟалоит аижǝлантǝқǝа ирылхны, изшǝаз ижǝла, ихьыӡ, иабхьӡы азгǝаҭаны, мамзаргьы хаз-хазы. Аҧара зшǝо зегьы шаҟа ршǝо налаҵаны ашǝҟǝы ианҵахоит. Агǝра згоит урҭ афонд ишаларҵало иазгǝаҳҭаз ашǝахтǝ аасҭа хǝынтǝ-фынтǝ еиҳаны. Абри аҩызаҵǝҟьа рылшап ҳǝа агǝыҕра ҳамоуп Ҭырқǝтǝыла инхо ҳџьынџьуаагьы. Ажǝакала, ажǝлар ҳадгылар, ҳмилаҭ аиқǝырхараз еизаҳгар ауеит миллионла аҧара. Ари ацхыраара заҳҭаша маҷым: ахшара зоуа, ахǝҷырацǝа змоу, зыхǝҷы ҕǝҕǝала ичмазаҩу, ахǝҷыеҭымцǝа, агǝырҵҟǝыл бзиа змоу, аха иреиҳау аҵараиурҭақǝа ҧарада изызҭамло аҿарацǝа, аҧсуа жǝлақǝа рҭоурых иазку ашǝҟǝқǝа рҭыжьра, Аҧсны ашьа азказҭǝаз ахымхǝацǝа, уҳǝа убас егьырҭгьы. Ацхыраара заураны иҟоу зегьы ироулоит. Акызаҵǝык абраҟа иазгǝасҭарц исҭаху, ацхыраара ауаҩы иоуӡом ижǝла аидгыла иаламзар, мамзаргьы, ижǝла алазаргьы, иара аҧарашǝара илшоны, аха изымшǝоз ауаҩы. Алшара змам ртǝы хазуп. Ацхыраара аиуразы аидгылахь ашǝҟǝы алаиҵароуп аидгыла асовет иалоу ажǝла ахаҭарнак. Анаҩстǝи аусура акǝама-ҵамақǝа ҳрылацǝажǝап аизараҟны. 
- Дауҭ! Аҧсуа жǝлақǝа реидгыла аҧҵара  аҧсуара иацхраауаны ишҧоубо?
- Аҧсуа жǝлақǝа реидгыла аҧҵара зегь раҧхьаӡагьы аҧсуара аиқǝырхароуп изызку. Аидгыла иалалар зҭаху ажǝлақǝа, иахьа уажǝраанӡа еиҳабык дрымамкǝа рхы раҧызаны иҟазҭгьы, уажǝшьҭа иааидгыланы рҿахǝы зҳǝаша, ирхылаҧшыша аӡǝы далырхроуп. Уи ажǝла ахада аҧсуа жǝлақǝа реизара ду ахь днеиаанӡа ижǝлантǝқǝа дрылабжьоит «абаа, ҳашǝмырҧхашьан, шǝхы-шǝыҧсы гǝашǝҭ, ҳажǝла афҩы шǝмырган» ҳǝа. Аринахыс аҧсуа жǝла аҩныҵҟа иҟалаз ацǝгьоуразы, зегь раҧхьаӡагьы, ахара идлоит уи ахада. Аидгыла иалоу ажǝла ныҟǝызго зегьы, ирҭахы-ирҭахым, иақǝныҟǝароуп аидгыла аҧҟаҧҵǝа. Аҧсуара еилазго зегьы ирзаҳарбоит еиуеиҧшым ахьырхǝрақǝа. Аринахыс ҳажǝлари ҳҳǝынҭқарреи ирҿагыло аус ныҟǝызго ажǝлақǝа ҳаидгыла иалцахоит шықǝсык инаркны хǝышықǝса рҟынӡа. Ус акǝымкǝа, Аҧсны ахьыӡ ҭызго ажǝлақǝа ирыхҵахоит аҳаҭыртǝ хьыӡқǝа. Аидгыла аҧҵареи, иаҳҳǝап, аҧсуа бызшǝа, аҧсуа шǝҵатǝы, аҧсуа ҵас-қьабз аиқǝырхареи иузеиҟǝымҭхо еидҳǝалоуп.
- Дауҭ, шықǝсқǝак уажǝаҧхьа рҽеидыркыло иалагеит шьҭрала аҧсуа ҭауади-аамсҭеи ирхылҵыз ажǝлақǝа рхаҭарнакцǝа. Уара иахьа ишьҭухоит аҧсуа жǝлақǝа зегьы еицырзеиҧшу ахеидкыла аҧҵара. Угǝы ишҧаанаго, арҭ аҩ-хырхарҭак абанӡеинышǝари? Иҟаларыма Араҟа аилибымкаара?
- Иҭабуп ари азҵаара ахьсыбҭаз. Уи аҭак иааинырсланы ишузымҳǝогьы, ажǝақǝак ахысҳǝаар сҭахуижьҭеи акрааҵуан. «Ачба» умҳǝакǝа, «Чачба» шузымҳǝо еиҧшҵǝҟьа, «ажǝла» умҳǝакǝа иузҳǝом ажǝа «ажǝлар». Ажǝлоуп, ус анакǝха, ҳажǝлар ирҟǝырҷахоу. Араҟа иҳǝам уи ажǝла ҭауаджǝлоуп, аамсҭажǝлоуп, мамзаргьы нхаҩыжǝлоуп ҳǝа. Ажǝла жǝлоуп, насгьы ажǝлақǝа иахьатǝи аамҭазы рзинқǝа еиҟаразароуп. Ҭауади-аамсҭеи реизара амода Аҧсны акǝӡам иахьцǝырҵыз. Лымҳаҭасла иҳаухьан адырра арҭ реиҧш иҟоу аизарақǝа шымҩаҧысуаз Урыстǝыла, мраҭашǝаратǝи атǝылақǝа рыҟны. Убасҟан сара сгǝы иҭашǝахьан ҭауади-аамсҭеи рхы цǝырырганы ишыҟаз Аҧсны аҩныҵҟагьы. Ииашаны сеилыбкаар сҭахуп, сара ари аус саҿагылаҩӡам. Уи садгылоит аҧсуа жǝлақǝа рҭоурых наӡа аиқǝырхара иазкызар, ҳажǝлар ирҿахǝҳǝаганы изыҟалозар, ҳмилаҭ еизааигǝанатǝуазар, иахьа иҳабжьоу аҟыҟ-ҿыҟ аиныршǝара ҵаҵҕǝыс иамазар. Абарҭқǝа рхаҭыҧан ҭауади-аамсҭеи рхаҭарнакцǝа реизара зызку еидҽырбалароуп ҳǝа сгǝы иаанагоит. Аизарахь инеиуа реиҳараҩӡак ирызцǝыргом рхылҵшьҭратǝ сиа, иаҳҳǝап ари аҩыза асиа шцǝырырго Урыстǝылан. Имаҷым иахьа Аҧсны иқǝынхо аҧсуаа рҟынтǝ ҭауади-аамсҭеи рыжǝлақǝа ныҟǝызго, арахь хылҵшьҭрала урҭ рыхьчацǝеи рмаҵуцǝеи ирыҵкару, иаурысны, ма даҽа милаҭк деиуаны ирыднагалаз. Иара убасҵǝҟьа Аҧсны имаҷым аҧсуаа забдуцǝа ҭауади-аамсҭеи џьоукы иҭауадны, иаамсҭаны иҟарҵар рҭахны аҭауадреи, аамсҭареи, ашьнаҟǝмареи заҭǝашьаны издызымкылаз. Ажǝакала, ахьчахылҵ – аамсҭажǝланыҟǝгаҩ «иҳараку» аизарахь днарышьҭуеит, «аамсҭара» иаҧсаны, аха мап ацǝызкыз анхаҩы иҧа аизарахь днарышьҭуам… Сара дысзеилкаауам «сышьнаҟǝмоуп, суамоуп» ҳǝа иахьа зыҽзырчо, ҳажǝлар еилызхуа ауаҩы. Идыруама уи ажǝа «ашьнаҟǝма» ақырҭшǝа ахьынтǝ аурысшǝахь еиҭоугозар ишаанаго «домашний раб». Ишыббо еиҧш сара сзадгылом ҳмилаҭ реиҟǝшарахь икылызго аусмҩаҧгатǝқǝа. Урҭ раасҭа еиҕьуп зегь ҳаидызкыло, зегь иаҳхылаҧшуа, зегь ҧхьаҟа ҳазго аиҿкаара аҧҵара. Агǝра ганы сыҟоуп аамсҭа наӡа еиҳа деилкаахоит ҳǝа абри аус ду гǝык-ҧсыкала дадгылар, уи амҩаҧгара ацхыраара аиҭар.
- Иҳаҩсыз ашықǝс ҧхынҷкǝын 15-16 рзы Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟǝа имҩаҧысит  Аҧсуа-абаза жǝлар ахǝбатǝи Адунеизегьтǝи рконгресс. Уи иалахǝын 34 тǝыла рҟынтǝ иааз ҳџьынџьуааи Кавказ нхыҵ-аахыҵ иқǝынхо ҳаешьаратǝ жǝларқǝа рхаҭарнакцǝеи. Аконгресс амҩаҧгара, аӡǝырҩы излазгǝарҭаз ала, ҧхьаҟа иаҳзыҧшу Аҧсны азхаҵаразы аҵак дуӡӡа амоуп. Иахуҳǝаауазеи уара абри, насгьы ишǝымоума аимадара Аҧсны аҳǝаақǝа рынҭыҵ инхо ҳашьцǝеи уареи?
- Жǝаҳǝарада, ҵыҧх Аҟǝа имҩаҧысыз аконгресс Аҧсны азхаҵаразы иамоу аҵакы даара иҭбаауп. Сара иахьа уажǝраанӡа Аҧсны имҩаҧысхьоу аконгрессқǝа зегьы сыҽрыласырхǝхьеит, аха абыржǝеиҧш агǝалаҟара соуа сҟамлацызт. Аиашазы, уажǝтǝи аконгресс мҩаҧгатǝын, зегьы ианреиҵаха 7-8 шықǝса уажǝаҧхьаҟа. Тарас Шамба даҽаӡǝы изымҩаҧымго аус ду мҩаҧигоит. Идырцǝа, иҩызцǝа, иҭахыра рхыҧхьаӡара ҵҩа рымам. Аха сара сгǝанала, уи иааигǝара иҟазароуп зажǝеи зуси рыла Кавказ нхыҵ-аахыҵ ирдыруа ҳажǝлар рхаҭарнакцǝа. Урҭ ари ауаҩ ду ицхраароуп, аҧшьгара ҿыцқǝа идыргалароуп. Иахьа бжеиҳан даҽакала аус утǝуп. Ацǝажǝареи ааиҧылареи бзиамкǝа иҟам, аха ҳара иҳазҧҵǝоу аамҭа даара икьаҿуп. Ҳажǝлар иахьа аиаӡӡаара иаҿуп. Иҭацǝуеит ҳқыҭақǝа, иҧҽуеит ҳҵасқǝа, иаҳцǝыӡуеит даҽаӡǝы иаарласны изымҵо ҳбызшǝа. Абри аҭагылазаашьаҿы иазгǝаҭатǝуп аконгрессқǝа раан аус аасҭа ацǝажǝарақǝа шеиҳау. Зны-зынла урҭ рымҩаҧгара иақǝдырӡуа аҧара акырӡа еиҳауп иаҳнаҭо алҵшǝа аасҭа. Аҧсны налҵ инхо ҳаешьаратǝ жǝларқǝа рхаҭарнакцǝеи сареи аус еицаауижьҭеи акрааҵуеит. Хаҭала сара иааиҧмырҟьаӡакǝа абар уажǝшьҭа жǝиҧшь шықǝса ҵуеит Аиадагьтǝылеи, Ҟарачы-Черқьесиеи, Ҟабарда-Балқариеи, Уаҧстǝыланхыҵи рыжǝларқǝа рхаҭарнакцǝа аус рыцызуеижьҭеи. Арҭ аимадарақǝа азныказы аинформациатǝ хырхарҭа рыман. Урҭ рымҽхаркуан арадиои, ателехǝаҧшреи, акьыҧхьи. Анаҩс сара изыӡбеит Аҧсны аҭоурых Кавказнхыҵ инхо ҳашьцǝа рыбжьаратǝ ҵараиурҭақǝа рҿы ирҵо аҟаҵара. Ари аус даара ишыуадаҩызгьы, амҩаҧгара сылшо ааигǝанӡа сааиуан. Акызаҵǝык абраҟа иаҳҧырхагахаз, мап, ақырҭқǝа ракǝым, аурысцǝагь ракǝым, иахьа Аҧсны аҵаратǝ система иахагылоу аминистр лоуп. Ааскьа Кавказнхыҵ жǝохǝџьара аҵаҩцǝа ҳҭоурых иахысуазҭгьы, уажǝазы ҳпроеқт ҟǝыбаса ишьҭаҵоуп, аминистр лхаҭа ахара лыдҵара ахаҭыҧан иахьа ҳаиҳабыра лырҽхǝара иаҿуп. Еимадарала сара акыр исзааигǝоуп Ҭырқǝтǝыла инхо ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцǝагьы. Урҭ сара изныкымкǝа срызцахьеит, ирыгу-ирыбзоу еилыскаахьеит, сыгǝҭакқǝа рахь ихьасырҧшхьеит.Ҷыдала иаҳҳǝозар, уатǝи аҧсуааи адыгааи акыр иадгылеит уаанӡа ирыдызгалахьаз ажǝлақǝа реидгыла аҧҵара аус, ирҳǝеит уи ажǝала акǝымкǝа ҧаралагьы ишадгыло, ирҭаххеит уи аҩыза аиҿкаара рхаҭақǝа иахьынхо иаҧырҵаргьы.
- Дауҭ! Ҳаиҿцǝажǝара хыркǝшо иузеиҕьасшьоит угǝҭакы хада анагӡара. Иҭабуп!     

ЛИУДМИЛА СЕРГЬЕГЬИА-ҦҲА,
Аҧсны ажурналистцǝа Реидгыла иалоу,
ақалақь Гагра, 2007 ш.