Dasania iforum. Форум Дасаниа

Информация о пользователе

Привет, Гость! Войдите или зарегистрируйтесь.

Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » АРХИВ ФОРУМА » Аҧсуа-адыга хьыӡқәа

Аҧсуа-адыга хьыӡқәа

Сообщений 1 страница 4 из 4

1

[center]Аҧсуа-адыга жәларқәа еицырзеиҧшу ахацәа рыхьыӡқәа иаазыркьаҿу ржәар[/center]
Аазиз – адыгаа рҟны ари ахьыӡ х-формак арҿиеит: Азиз, Хьэзиз, ГIазиз. Араҧ хьӡуп. «Адуӡӡа, акыр иаҧсоу, арҕәҕәаҩы» ҳәауп иаанаго.
Ааиса – адыгаа рҟны ари ахьыӡ иамоуп х-формак: Аисэ, Айсэ, ГIисэ. Араҧ хьӡуп. Ахьыӡ Иса аҟынтә иаауеит. «Анцәа илҧха» ҳәауп иаанаго.
Абас – адыгаа рҟны иуҧылоит ҩ-формак: Абас, Хьэбас. Аиадыгьтәылаҿ иуҧылоит ажәла «Абас» (урысшәала – Абасов). Ахьыӡ ахаҭа аҧсылманра ашьаҭаркҩы Муҳаммад иуа гәакьацәа ируаӡәку (Абас) ахьыӡ аҟынтә иаауеит. «Злеишәа цәгьоу, зылахь еиҵыхым» ҳәауп иаанаго.
Абахә – адыгаа рҟны Абыхъу. Ари ахьыӡ адыга ҵарауаа, аҵакы шьақәмыргылакәа, араҧ хылҵшьҭра змоу ахьыӡқәа ирыларҧхьаӡеит. Аха араҧ хьыӡқәа ржәар аҿы Абахъ-Абыхъу ҳәа аформа змоу ахьыӡ ыҟаӡам. Ҳара ҳгәаанагарала, Абахә-Абыхъу – ари аҧсуа жәлақәа иреиуоу Абыхәаа (Абахәба) рыжәла ашьаҭа иадҳәалоуп, аҧсуа хьыӡқәа иреиуоуп, урысшәала «скала» ҳәауп иаанаго. Ҟабарда-Балқариеи Ҟарачы-Черқьесиеи рҿы иуҧылоит Абыхәаа ирашьцәоу, ажәлахьӡы «Абыкъуэ» ныҟәызго ашәуааи адыгааи.
Абаџьа – иаҳҧылоит аҧсуаа рантропонимиаҿ. Адыга бызшәа аҟынтә иаауа ахьыӡқәа иреиуоуп. «Баджэ» - адыгшәаҿы «абга» ауп иаанаго.
Абдала – адыгаа рҟны ари ахьыӡ ҧшь-формак амоуп: Абдул, Амдул, Андул, ГIабдул. Араҧ хьӡы Абдуллаҳ (Abd Allah) иаазыркьаҿу формоуп. «Аллаҳ итәы» (раб Аллаха) ҳәауп иаанаго.
Абзагә – аҧсуа ҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи ргәаанагарала Абзагә ҧсыуа хьӡуп, «ибзоу агәы» ҳәа аанагоит. Иҟалап уи иашазаргьы. Аха абраҟа иазгәаҭатәуп, ари ахьыӡ адыга бызшәагьы ишазааигәоу. «Бзако» (бзагуэ) – адыгшәала «аҿаҳа» ҳәауп иаанаго. 
Абзоу – аҧсуаа рҟны иаҳҧылоит «Бзоу» ҳәагьы. Адыгажәа «бзыу» (аҵыс) иадҳәалоуп. Ишдыру еиҧш, Бзоу – аҧсуаа зегьы рҿиамҭала еицырдыруа рашьхьӡуп. Аҧсуаа арашь, ҵысҵас иахьыҧыруаз аҟынтә, аҧсаатә иадыркылон.

http://img1.liveinternet.ru/images/foto/b/3/786/2965786/f_16634135.jpg  http://www.geocities.com/Athens/Rhodes/8720/subdirs/pictures/warrior.jpg  http://img15.nnm.ru/6/c/2/9/3/8a1b453b279ec11dc1a82984682.jpg 

Абрагь – адыгаа рҟны «Абрэдж» ҳәа иуҧылоит. Иҟоуп ари ашьаҭа злоу адыга жәлақәагьы: Абрэдж (Абрегов), Абрэджыкъуэ (Абрегуков). Ажәа «абрагь» уҧылоит ауаҧсаа рбызшәаҿгьы. Ҳара ҳгәаанагарала, аџьамцәа рбызшәа иадҳәалоуп, «ақәылаҩ, абна илоу, аҩны змам» ҳәауп иаанаго.
Абыгә – адыгаа рҟны иаҳҧылоит «Быгуэ» (Бугов) ҳәа ашәҟәы иҭаҩҩу ажәла. Аҧсуа-адыга жәларқәа рхатәы хьыӡқәа иреиуоуп, аха иахьазы аҵакы цқьа еилкаам.
Агьиреи – адыгаа рҟны ари ахьыӡ ҩ-формак арҿиеит: Джэрий, Чэрый. Ҟрымтәылатәи аҳцәа рдинастиа ахьыӡ аҟынтә иаауеит.
Агәажә – адыгаа рҟны ари ахьыӡ аформа «Гужъу» ҳәа иуҧылоит. Аҧсуа-адыга жәларқәа еицырзеиҧшу хьӡуп. Аҧсшәаҿгьы, адыгшәаҿгьы ҵакызаҵәла иааҧшуеит. «Згәы ажәу, агәыжә змоу», мамзаргьы «агәду змоу» ҳәауп иаанаго. Аҧсны иуҧылоит ари ахьыӡ шьаҭас измоу Гәажәаа рыжәла (Агәажәба).
Аҕәырлы – адыгаа рҟны ари ахьыӡ ҩ-формак амоуп: Огъурлы, Угъурлы.  Иара убас аҟабардқәа реилазаараҿ иҟоуп «Угъурлы» (Огурлиев) ҳәа ашәҟәы иҭаҩҩу ажәла. Ари ахьыӡ ҳҧылоит ашәуа бызшәаҿгьы «уагIвырльы» ҳәа. Аҭиурқ  хьыӡқәа иреиуоуп. Иаҿшәырҧшы аҟарач-балқар ажәа «огъурлу» (иразу, иҳалалу, насыҧ змоу).
Адагәа – адыгаа рҟны иуҧылоит «Дагуэ» ҳәа. Иҟан ажәлагьы: Адагәа-иҧа. Адыгаа рҟны ажәа «дэгу» иарҿиеит ҧшьы-жәлак: Дагуэ (Даго), Дэгу (Догов), Дэгуахъуэ (Дакахов), Дэгужьей (Догужаев). Ашәуаа рҟны иҟоуп  ажәла Дагвжвей (Дагужиев).
Адамыр – адыгаа рҟны иуҧылоит ари ахьыӡ  иадҳәалоу еиуеиҧшым аформақәа: Адемыр, Адмыр, Айдэмыр, Андемыр, Дамыр. Аҧсуаа рҟны ирҳәоит «Дамыр» ҳәагьы. Аҟабард ҵарауаҩ Кәакәа Џьамалдин игәаанагарала, Адамыр араҧ хьӡуп, «агәы, анамыс» ҳәа аанагоит. Аха араҧ хьыӡқәа ржәар ахьыӡ Адамыр алаӡам. Аҭиурқ жәларқәа рыхьыӡқәа иреиуоуп. «Демир» ҭырқәшәала «аиха» ауп иаанаго.
Адгәыр – ари ахьыӡ иаҿшәырҧшы аҟабард бызшәа иалоу ажәа «дыгуэрлы» - ари Уаҧстәыланхыҵ, Дигора, инхо, ауаҧс жәлар иреиуоу, зхатә цәажәашьа  змоу, адыга жәлар еиҳа ирзааигәоу жәлартә гәыҧуп. Адыгаа рҟны иҟоуп ажәла Дыгуэрлы (Дугорлиев).
(Иазгǝаҭатǝуп уажǝ шǝзыҧхьо адаҟьаҿы зны-зынла ишышǝҧылало аҧсуа-адыга хьыӡқǝа адыгаа рбызшǝаҿы ишану аҿырҧштǝқǝа).

2

[center]Иацаҳҵоит ҳтема[/center]
Адгьагǝ – аҧсуааи ашǝуааи рыҩныҵҟа иҿиаз ахьыӡқǝа иреиуоуп, «адгьагǝы, аиадыгь игǝы» ҳǝауп иаанаго.
Адлагьыҟǝа (Аҭлагьыҟǝа) – ажǝытǝӡатǝи адыга хьыӡқǝа иреиуоуп. Иахьазы адыгаа рантропонимиаҿ иуҧылаӡом, иӡхьеит. Анҵǝамҭа «ҟǝа» адыга бызшǝаҿы «аҧа» ҳǝауп иаанаго. Ахьыӡ ашьаҭа, хымҧада, адыга бызшǝа иадҳǝалоуп, аха аҵакы цқьа еилкаам.
Адлыхǝ (Аҭлыхǝ) – ари ахьыӡ адыга бызшǝоуп изыдҳǝалоу, аха иахьазы адыгаа рантропонимиа иалам. Ажǝа «лIыхъужъ» (афырхаҵа) иацырҟьазар ауеит. Ахьыӡ актǝи ахǝҭаҿы иаабо ахǝҭаҷ «дл» - «ҭл», ҳгǝаанагарала, адыгажǝа «лIы» аҟынтǝ иаауеит, «хъу» - ажǝа «хъун» (аҟалара, аҟазаара) аҟынтǝ. Ус анакǝха, ахьыӡ «ихаҵахаз» ҳǝа аанагоит.
Азамаҭ – адыгаа рҟны х-формак амоуп: Азмэт, Азмет, Азэмэт.  Араҧ хьӡуп. «Адура, ахьӡ-аҧша» ҳǝауп иаанаго.
Аздамыр – адыгаа рҟны иуҧылоит «Уздемыр» (Оздемир) ҳǝа ашǝҟǝы иҭаҩҩу ажǝла. Ахьыӡқǝа Аздамыр, Уздемыр, Асҭамыр шьаҭалеи ҵакылеи еизааигǝоу хьыӡқǝоуп, аҭиурқ бызшǝақǝа ирхылҵшьҭроуп, «аиха ахаҭа» ҳǝауп иаанаго.
Азнаур – адыгаа ирҳǝоит ҩбаны: Азнаур ҳǝагьы, Азнур ҳǝагьы. Иҟоуп «Азнаур» (Азнауров) ҳǝа ашǝҟǝы иҭаҩҩу аҟабард жǝлагьы. Ари ахьыӡ қырҭуа хылҵшьҭроуп иамоу. Қырҭтǝыла «азнаураа» ҳǝа ззырҳǝоз аамсҭацǝа ракǝын. Ахьыӡқǝа Азнаури, Азнори, Анзори ҵакыла еиқǝшǝоит.
Албақь – адыгаа рҟны: Албэч,  иҟоуп иара убас Iалбэчкъо, Iалбэщкъо. Ахьыӡ шьақǝгылоуп ҩ-хǝҭакны: «ал» - араҧ хьӡы Али аҟынтǝ иаауеит, «иҳаракӡоу», «иҕǝҕǝаӡоу» ҳǝауп иаанаго; «бақь» - аҭиурқ бызшǝақǝа ирыхǝҭаҷуп, «аҭауад, абшьҭра ахада» ҳǝа аанагоит. Иҟоуп «Алыбэч» (Алибеков) ҳǝа ашǝҟǝы иҭагалоу адыга жǝлагьы.
Албаҭ – адыгааи ашǝуааи рҟны: Албот (Альбот). Егьхьӡуп, егьжǝлоуп. Иаҿшǝырҧшы абалқар бызшǝа иалоу ажǝа «албота» (аҧыраҳǝа).
Алгьари – адыгаа рҟны: Алджэрый. Ахьыӡ ҩ-хǝҭакны ишьақǝгылоуп: «ал» - араҧ хьӡы Али аҟынтǝ иаауеит, «гьари» - Ҟрымтǝылатǝи аҳцǝа рыхьыӡ иадҳǝалоуп.
Алиас – адыгаа рҟны: Иляс. Ауриацǝеи араҧцǝеи еицырзеиҧшу хьӡуп. «Анцǝа имч» ҳǝауп иаанаго. Адыгаа рҟны иуҧылоит ижǝлангьы (Иляс – Ильясов).
Алма – аҧсуаа рҟны ихьӡуп, адыгаа рҟны – ижǝлоуп. Аҭиурқ бызшǝақǝа ирыдҳǝалоуп. «Аҵǝа» ҳǝауп иаанаго.
Алмахсиҭ – адыгаа рҟны: Алмахъсит. Араҧ хьӡуп. «Зегь здыруа, аҵарауаҩ» ҳǝауп иаанаго.
Алхас – адыгаа рҟны иуҧылоит ихьӡынгьы, ижǝлангьы. Адыгаа «Алкъэс» рҳǝоит. Иҟоуп «Алъхъэс» ҳǝа иҟоу аформагьы. Аџьам хьӡы Alqasb  аҟынтǝ иаауеит. Аҵакы еилкаам.
Алҵыкǝ – ари ахьыӡ аҧсуаа рҟноуп иахьуҧыло, аха адыга бызшǝоуп изыдҳǝалоу. Ҩ-хǝҭакны ишьақǝгылоуп: «ал» - аҵакы цқьа еилкаам, адыгажǝа «лIы» (ахаҵа) иадҳǝалазар ауеит; «ҵыкǝ» - адыга бызшǝала «ахǝҷы» ҳǝауп иаанаго.
Алџьан – адыгаа «Алижан» рҳǝоит. Иҟоуп «Алжан» (Алижанов) ҳǝа ашǝҟǝы иҭагалоу ажǝлагьы. Ахьыӡ ҳшар ҟалоит ҩ-хǝҭакны. Актǝи ахǝҭа аҵакы азгǝаҳҭахьеит. Аҩбатǝи ахǝҭа «џьан» аџьам бызшǝаҿы «аҧсы» (душа) ҳǝа аҵакы амоуп. Араҧцǝеи аџьамцǝеи еицырзеиҧшу хьӡуп.
Амзан -  адыгаа рантропонимиа иалоу хьӡуп. Ҵакыла аҧсшǝоуп изыдҳǝалоу. «Амза Анцǝа» ҳǝауп иаанаго.
Амиран – ашǝуааи, адыгааи, ауаҧсааи ари ахьыӡ қырҭуахьыӡны иахǝаҧшуеит, аха бызшǝала изыдҳǝалоу аҧсышǝоуп. Аҧсуахьӡы Амран аҟынтǝ иаауеит. «Амра Анцǝа» ҳǝауп иаанаго.
Амҳаџьыр – адыгаа рҟны х-формак амоуп: Мухьыджыр, Мухьэжыр, Мыхьаджор. Араҧ хьӡуп. «Ихҵǝаз» ҳǝауп иаанаго.
Анцǝоҟǝ (Анцокъу) – жǝытǝхьӡуп. Адыгаа рҟны ари ахьыӡ иарҿиеит еиуеиҧшым аформақǝа: Анфакъуэ, Анфокъуэ, Анцокъу, Анчокъу, Ансокъуэ. Арҭ ахьыӡқǝа зегьы ҵакыла еиқǝшǝоит, урҭ рынҵǝамҭа адыгшǝала «аҧа» ҳǝауп иаанаго, рышьаҭа аҧсуажǝа «Анцǝа» аҟынтǝ иаауеит. «Анцǝаҧа» ҳǝауп иаанаго. Ижǝлангьы иуҧылоит.
Арзамеҭ – адыгаа рҟны «Азамеҭ» рҳǝоит. Ахьыӡқǝа Азамаҭи, Азамеҭи, Арзамеҭи ҵакыла еиқǝшǝоит. Аҧсуаа рҟны иара убас иуҧылоит ахьыӡ Арзамыхǝгьы. Араҟа ҳара иаабоит араҧ нҵǝамҭа «аҭ-еҭ» ацынхǝрас адыга бызшǝа иалоу ахаҵажǝлатǝ рбага «хǝ».
Арсана – адыгаа «Арсен» рҳǝоит. Урым хьӡуп. «Ахаҵара злоу» ҳǝауп иаанаго.
Аруҭан – адыгаа рҟны иуҧылоит «Артун» (Артунов) ҳǝа ашǝҟǝы  иҭагалоу ажǝла. Аҵакы еилкаам.
Аслан – аҧсуа-адыга жǝларқǝа рантропонимиаҿ акырӡа иҿиаз ахьыӡқǝа иреиуоуп. Иуҧылоит ихьӡынгьы, ижǝлангьы. Аҧсуаа рантропонимиаҿ иаабоит ари ахьыӡ аазырҧшуа быжь-формак: Аслан, Асланбеи, Асланбақь, Аслангьари, Асланыҟǝа, Асламбеи, Асламбақь. Иҟоуп Асланӡиаа рыжǝлагьы. Арҭ ахьыӡформақǝа реиҳарак уҧылоит адыгаа рҟынгьы. Ара иҟоуп Асланыбаа рыжǝлагьы.
Аҭлаҟǝа – адыга хьӡуп. Ҩ-хǝҭакны ишьақǝгылоуп: «лIы» - ахаҵа, «къуэ» - аҧа. «Ахаҵа иҧа» ҳǝауп иаанаго. Адыгшǝаҿы иҟоуп даҽа ажǝакгьы ахьыӡ Аҭлаҟǝа шьҭыбжьыла иақǝшǝо. «Лъакъо» - уаҟа «ашьапы» ауп иаанаго.
Аҭлаҧсыҟǝа – ажǝытǝӡатǝи адыгахьыӡқǝа иреиуоуп. «Аҭлаҧс (Ҭлаҧс) иҧа» ҳǝауп иаанаго.
Аҭлыхǝ – адыга хьӡуп. Ҩ-хǝҭакны ишьақǝгылоуп: «ҭлы» («лIы») - ахаҵа, «хǝ» - ахаҵажǝлатǝ рбага.
Аҳмаҭ – адыгаа рҟны: Ахьмэд, Ахъмэт. Араҧ хьӡуп. «Рацǝа идырҽхǝо, рацǝа иӡырырго» ҳǝауп иаанаго. Иуҧылоит ижǝлангьы: Ахьмэд (Ахмедов), Ахъмэт (Ахметов).

3

Базрыҟәа – адыгаа «Баизрыҟә», мамзаргьы «Безрыҟә» рҳәоит, араҧ-адыга хьӡуп. Араҧцәа «баизыр» ззырҳәо «ажәлаҭиҩы» иоуп, ахьыӡ анҵәамҭа «ҟәа» адыга бызшәоуп изыдҳәалоу.
Беслан – адыгаа «Баислан» рҳәоит. Маиҟәаҧ ақалақь аҿы адыга ҵарауаа гәыҧҩык еицҭрыжьыз, «Наши имена» («Ҳара ҳахьыӡқәа») ҳәа хыс измоу ашәҟәаҿы ианым ари ахьыӡ аҵакы, избан акәзар уи арҭ аҵарауаа ирыздыруамызт. Аха ҳара ишаадыруала, Беслан – аҭиурқ хьыӡқәа ирхыҧхьаӡалоуп, ҩ-шьаҭак рыла ишьақәгылоуп: «бий» (аҭауад, аамсҭаду) – «аслан» (алым). Ахьыӡ, излеилаҳкааз ала, «аҭауад-алым» ҳәауп иаанаго.
Баҭал – адыгаа рҟны иуҧылоит «Битал» ҳәа. Араҧ хьӡуп, «афырхаҵа» ҳәа аанагоит.
Баҭыр – ари ахьыӡ аҧсуаа рҟны имаҷны иуҧыхьашәоит, аха уеизгьы-уеизгьы ҳахьыӡсиа иалоуп, аҭиурқ бызшәақәа ирыдҳәалоуп, «имшәо аруаҩ, афырхаҵа» ҳәа аанагоит. Адыгаа рҟны иуҧыхьашәоит ижәлангьы.
Билал – араҧ хьӡуп, «згәы бзиоу» ҳәауп иаанаго.
Борис – ари аурыс хьӡы ныҟәызго аҧсуаагьы адыгаагьы маҷым. «Борислав» аҟынтә иаауеит, ҩ-урыс ажәак ирыдҳәалоуп: бор (бороться) – с (слава).
Бараҟ – адыгаа рҟны Бараҟаи. Араҧ хьӡуп, «Анцәа илҧха, зыҽзырӷәӷәо» ҳәа аанагоит.
Бақь – адыгаа рҟны Бач. Аҭиурқ хьыӡқәа иреиуоуп, «аҭауад, иӷәӷәоу, кыр зылшо» ҳәа аанагоит.
Бақьыр - адыгаа рҟны Бачыр. Араҧ хьӡуп. «Амахҽҵыс» ҳәауп иаанаго. Адыгаа рҟны иуҧылоит ижәлангьы.
Вадим – урыс хьӡуп, аҧсуаа аҩажәатәи ашәышықәса аахыс акыр ирылаҵәеит. Аҵарауаа ари ахьыӡ иахәаҧшуеит ахьыӡ Владимир ииаазыркьаҿу форманы. Ус анакәха, ахьыӡ аҵакы шьақәгылоуп «адунеи змоу, адунеи знапыҵаку» ҳәа.
Валентин – алаҭин хьыӡқәа иреиуоуп, «иӷәӷәоу, агәабзиара змоу» ҳәауп иаанаго.
Валери – аҧсуа-адыга жәларқәа рыҩныҵҟа акыр иҿиаз хьӡуп. Алаҭин хьыӡқәа иреиуоуп. «Угәы бзианы аҟазаара, иразу, иӷәӷәоу» ҳәауп иаанаго.
Виқтор – аҧсуаа акыр ирылаҵәоу хьӡуп. Алаҭин хьыӡқәа иреиуоуп. «Аиааира згаз» ҳәауп иаанаго.
Витали - алаҭин хьыӡқәа иреиуоуп. Ари ахьыӡ ныҟәызго аҧсуаа маҷым. «Аҧсҭазааратәи» ҳәауп иаанаго.
Владимир – ҳара ҳгәаҭарақәа рыла, ари ахьыӡ еиҳа аҧсуаа рҟноуп иахьҿиаз. Урыс хьӡуп, «адунеи знапыҵаку» ҳәауп иаанаго.
Владислав – аҧсуаа рҟны еиҳа аҿиара змоу хьӡуп. Ари ахьыӡ, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада иаҳаҭыр аҟынтә, иныҟәызго даара ирацәаҩуп. Урыс хьӡуп, «ахьӡ-аҧша знапыҵаку» ҳәауп иаанаго.
Геннади – бырзен хьӡуп, аҧсуааи, ашәуааи, адыгааи рыҩныҵҟа лассы-лассы иуҧылоит, «ауаҩаҳ, иааӡоу, ибзиоу, аамсҭашәа злоу» ҳәауп иаанаго.
Георги (Гьаргь) – бырзен хьӡуп, «адгьылқәаарыхҩы» ҳәауп иаанаго.
Григори (Грышьа) – иахьа уажәраанӡа, Аҧсны асовет мчра анышьақәгыла инаркны иҿианы иҟаз хьӡын. Адыгаа раасҭа аҧсуаа рҟны еиҳа иуҧылон.
Далаҭбеи – адыгаа рҟны: Долэтбый. Араҧ-ҭиурқ хьыӡқәа иреиуоуп. «Далаҭ» иаанаго «анасыҧ, амал» ауп, «беи» - ари аҭиурқцәа рҟны ҭауади-аамсҭеи рыхьыӡқәа ирыцлоз иҷыдоу хәҭаҷуп. 
Дамыр – ари ахьыӡ ныҟәызго аҧсуаа маҷым. Уарла-шәарла акәзаргьы, иуҧылоит Кавказынхыҵ инхо ҳаешьаратә жәларқәа рыҩныҵҟагьы. Ахьыӡ аҵакы цқьа еилкаам.
Дамеи – адыгаа рҟны иуҧылоит «Дамый» ҳәа. Ҳгәы излаанаго ала, «адамий» ҳәа изышьҭоу адыга жәлар рхылҵшьҭрак рыхьӡ аҟынтә иаауеит.
Дауҭ – араҧ хьӡуп, аха аҧсуаа ракәзар, уи аҧсыуа хьыӡны иахәаҧшуеит. «Бзиа ирбо» ҳәауп иаанаго.
Денис – аҧсуаа рҟны, «аҧсуа хьыӡқәа» ргәыҧ иаламзаргьы, иҿианы иҟоу ахьыӡқәа ирхыҧхьаӡалоуп. Бырзен хьӡуп, Дионис (аҩы анцәа) ихьӡ аҟынтә иаауеит.
Дырмит (Дима) – аҧсуаа акыр ирылаҵәахьоу ахьыӡқәа ируакхеит. Абырзенцәа рҟны адгьыли адгьылқәаарыхреи рынцәаҧҳәыс Деметра лыхьыӡ аҟынтә иаауеит, «Деметра илызку» ҳәауп иаанаго.
Ебырҳам (Ибраҳим, Ибрагим) – араҧ ҧсылман хьӡуп, «ажәларқәа раб» ҳәа иҧхьаӡоу Авраам ихьӡ иҟынтә иаауеит. 
Едгьы (Едыгь) – ажәытә аҧсуа хьыӡқәа иреиуоуп, жәлархьӡуп, «адыга, аедыгь» ҳәауп иаанаго.
Едрыс (Индрис) – араҧ-бырзен хьӡуп, «агәымшәа» ҳәауп иаанаго.
Енвер (иуҧылоит «Инвер» ҳәагьы) – араҧ хьӡуп, «алашара, аҭшаша» ҳәауп иаанаго.
Еслам (Ислам) – араҧ хьӡуп, аҧсылманра ахьӡ ала ишьақәгылоуп.
Есҳаҟ – араҧ-уриа хьӡуп, «иара дыччо далагоит» ҳәауп иаанаго.
Зақьариа – араҧ хьыӡқәа иреиуоуп, аха аҵакы цқьа иҭҵаам.
Заур – аҧсуа-адыга жәларқәа акыр ирылаҵәахьоу хьӡуп. Араҧ хьыӡқәа иреиуоуп, «аиааира» ҳәа аанагоит. Ахархәара амоуп ҭауади-аамсҭеи рыхьыӡқәа ирыдҳәалоу ахәҭаҷқәа ирыцны. Иаҳҳәап, Заурбақь, Заурҟан.
Зафас – адыга хьӡуп, «аизара ду» ҳәауп иаанаго. Аҧсуаа ари ахьыӡ еиҳа ирылаҵәоуп адыгаа раасҭа. 
Зураб – аҭиурқ-аџьам хьыӡқәа иреиуоуп, ажәа «сухраб» (арубин – зыхә ҳараку ахаҳә) аҟынтә иаауеит. 
Ӡаҧшь – аҧсуаа рҟны ижәлашьаҭангьы иуҧылоит. Адыга хьӡуп, «ар рҧыза, ар рыҭауад» ҳәауп иаанаго.
Игор – аскандинавиатәи ажәларқәа рҟынтә иаауа хьӡуп. Аҧсуаа акыр ирылаҵәоуп. «Аҭхаџьра анцәа» ҳәауп иаанаго.
Инал – аҧсуа-адыга жәларқәа жәытәаахыс акыр ирылаҵәахьоу ахьыӡқәа иреиуоуп, «аҳәынҭқар» ҳәауп иаанаго.
Кадыр – араҧ хьӡуп, «зегь зымчу, зегь зылшо» ҳәауп иаанаго.
Калаҭ – адыга хьӡуп, аҧсуажәа «акалаҭ» акәӡам ари ахьыӡ зыдҳәалоу. Адыгаа рҟны «ҟалаҭ» ҳәа изышьҭоу шьанҵатә кьарахәуп.
Калакәыт – адыга хьӡуп, ахьыӡ «Ҟалаҟәыҭ» аҟынтә иаауеит, «абааш хызжәжәо» ҳәауп иаанаго.
Кан – иҟалоит аҭиурқ хьӡы Ҟан (ааӡамҭа) аҟынтә иаауазар, иҟалоит аҧсуажәа «акан» иадҳәалазар.
Қьамал – араҧ хьӡуп, «абзиаӡа, аиӷьӡа» ҳәауп иаанаго.
Қьрым – араҧ хьӡуп. Адыгаа рҟны: Чэрим. Ахьыӡ аҵакы «аҳалал, ҳаҭыр зқәу» ҳәа ишьақәгылоуп.
Қәычықә - аҭиурқ хьыӡқәа иреиуоуп, «аҧахәҷы» ҳәауп иаанаго.
Ҟалбаҭ – адыга хьӡуп, «абааш зырбго» ҳәауп иаанаго.
Ҟансоу – аҭиурқ-адыга хьыӡқәа иреиуоуп, «ҟан» - ааӡамҭа, «соу» - адыгажәа «шәауа» (аҧа) ҳәауп иаанаго. 
Лыкәман – араҧ хьӡуп, ажәытәан еицырдыруаз араҧ дыр ихьӡ ауп.
Мац – адыга ҵарауаа ари ахьыӡ рышәҟәқәа ирнырҵоит адыга хьыӡны. Ҳара ҳгәаанагарала, ахьыӡ Мац аҧсуажәа «амца» аҟынтә иаауеит. Иҟан Аҧсны Мацаа рыжәлагьы. Урҭ нхон иахьа Мацесҭа ҳәа еицаадыруа, «Мациҧсҭа» ҳәа зыхьӡыҵәҟьоу акурорттә ҭыҧ аҿы.
Маџьыҭ – араҧ хьӡуп, «хьӡи-ҧшеи змоу» ҳәауп иаанаго.
Мсырбеи – араҧ хьӡуп, «мсыр» (Мсыртәылоуп иаанаго), «беи» - ҭауади-аамсҭеи рыхьыӡқәа формазыркуа хәҭаҷуп. 
Мураҭ – араҧ хьӡуп, «ирҭаху, угәы ззыҳәо» ҳәауп иаанаго.
Мурҭаз – араҧ хьӡуп, «иалху» ҳәауп иаанаго.
Мысҭафа – араҧ хьӡуп, «зегь реиҳа ицқьоу, зегьы иреиӷьу» ҳәа аҵакы шьақәгылоуп.
Наазим – адыгаа рҟны: Назым. Араҧ хьӡуп, «аиҿкааҩы, аиҿырцааҩы» ҳәауп иаанаго.
Назырбеи – ажәытә уриатә хьӡуп, «Анцәа изку» ҳәауп иаанаго.
Нану – аҧсуаа рҟны ҩнатә хьыӡны иҟоуп, аҧсуа-адыга жәларқәа еицырзеиҧшу хьп, «ахәҷы, асаби» ҳәа аанагоит.
Нарҭ – Нарҭаа репос ахьыӡ ала ишьақәгылоуп. Кавказтәи аҵарауаа акыр рыҽҧыршәахьеит ахьыӡ «Нарҭ» аҵакы шьақәдыргыларц. Аха арҭ таҽазышәарақәа иахьа уажәраанӡа илыҵшәадан. Ҳара ҳгәаанагарала, «Нарҭ» аҧсшәоуп изыдҳәалоу. «На» араҟа «Анцәа, анцәахәы» ҳәауп иаанаго, «р» - ари ахҧатәи ахаҿи арацәа хыҧхьаӡареи зныҧшуа аффиксуп, «ҭ» - ажәа «аҭаацәа», «аҭынха» аҟынтә иаауеит. Ари агәаанагара иашазар, ахьыӡ Нарҭ аҵакы шьақәыргылатәхоит «анцәахәқәа рҭаацәа, рҭынха» ҳәа.   
Нурбеи – араҧ хьӡуп. «Нур» - ашәахәа, «беи» - аҳаҭыртә хьыӡқәа рырбагатә хәҭаҷуп.
Нури – араҧ хьӡуп, «иҧшьоу» ҳәа аанагоит.
Ныҳә - араҧ-уриа хьӡуп, Нои араҧцәа «Нуҳ» ҳәауп дшырдыруа.
Омар - араҧ хьӡуп. «Ҳаџьра ицаз» ҳәауп иаанаго.
Ҧшьҟан – адыга хьӡуп, «аҭауад иааӡамҭа» ҳәауп аҵакы шышьақәгылоу.
Ҧшьмаф (Ҧшьмақә, Ҧшьмақәа) – адыга хьӡуп, «насыҧ змоу аҭауад» ҳәауп иаанаго.
Рамзан – араҧ хьӡуп, аҧсылманмза Рамазан аҟынтә иаауеит.
Рашьыҭ – араҧ хьӡуп, «амҩа иаша иану аҧыза» ҳәауп иаанаго.
Руслан – аҭиурқ хьыӡқәа иреиуоуп, «алым» ҳәауп иаанаго.
Русҭам – аџьам хьыӡқәа иреиуоуп, «иӷәӷәоу» ҳәауп иаанаго.
Саид – аҧсуа-адыга жәларқәа акырӡа ирылаҵәахьоу хьӡуп. Ахацәа ирырҭо аҧсуа хьыӡқәа реиқәҧхьаӡараҿ ари ахьыӡ ауаа раҧхьаӡа иргәалашәо иреиуоуп.
Сафарбеи – араҧ хьӡуп. Аҧсылмантә мзар аҿы «сафар» зыхьӡу аҩбатәи амза ауп. Убасҟан ииз ракәын аханатә «Сафар» ахьыӡ зырҭоз.
Саҳаҭқьери – аҳцәеи аҭауадцәеи иныҟәыргоз араҧ хьӡуп. «Саҳаҭ» - «асааҭ» ауп иаанаго, «қьари» - Ҟрымтәылатәи аҳцәа рдинастиатә хьӡы аҟынтә иаауеит.
Смел (Исмаил) – араҧ-уриа хьӡуп, «Анцәа иаҳаит» ҳәауп иаанаго.
Султан – араҧ хьӡуп, «аҳ» ҳәауп иаанаго.
Ҭаҭласҭан – адыга хьӡуп. Аҵакы цқьа еилкаам. Адыгаа рҟны иуҧылон «Ҭлаусҭан» ҳәа.
Ҭаҭрашь – адыгаа рҟны: Ҭоҭрашь. Нарҭаа репос иалоу фырхаҵоуп.
Ҭемыр - аҭиурқ хьыӡқәа иреиуоуп, «аиха» ауп иаанаго. «Ҭемыр» шьаҭала иақәшәоит ахьыӡқәа Ҭемырҟан («ҟан» - ааӡамҭа), Ҭемрыҟәа («ҟәа» - адыга бызшәаҿы «аҧа»)
Ҭенгьыз - аҭиурқ хьыӡқәа иреиуоуп, «амшын» ауп иаанаго.
Уаҳаид - араҧ хьӡуп. «Азаҵә» ҳәауп иаанаго.
Фазил – араҧ-аџьам хьыӡқәа иреиуоуп, «иаҧсоу» ҳәауп иаанаго.
Фелиқс – алаҭин хьыӡқәа иреиуоуп, «насыҧ змоу» ҳәауп иаанаго.
Халыл – иуҧылоит Ҳалил ҳәагьы. Араҧ хьӡуп, «аҩыза иаша» ҳәауп иаанаго.
Хәсин – адыгаа рҟны: Хусен. Араҧ хьӡуп, «ибзиоу, иразу, иҳалалу» ҳәауп иаанаго.
Ҳанашә - адыга хьӡуп, «илашәу ала» ҳәауп иаанаго.
Ҳарун – араҧ-уриа хьӡуп, ахьыӡ Аарон аҟынтә иаауеит, «ашьхатә» ҳәауп иаанаго. 
Ҳасан - араҧ хьӡуп, «ибзиоу, иразу, иҳалалу» ҳәауп иаанаго.
Ҳаҷамаф – адыга хьӡуп, «насыҧ змоу асас» ҳәауп иаанаго.
Шамел (Шамил) – ажәытә уриатә хьӡуп, ахьыӡ Самуил аҟынтә иаауеит, «Анцәа ииаҳаз» ҳәауп иаанаго.
Шьаабан – араҧ хьӡуп, аҧсылманмза Шабан аҟынтә иаауеит.
Шьмаф – адыга хьӡуп, «Шыумаф» (аҽыуаҩмшы) аҟынтә иаауеит.
Шәлиман – араҧ-уриа хьӡуп. Ауриацәа рҟны: Соломон. «Иҭынчу, ихьчоу» ҳәауп иаанаго.
Џьамал – араҧ хьӡуп, «аҧшӡара» ҳәауп иаанаго.
Џьанҭемыр – ажәытәан ари ахьӡ аҧсуа-адыга жәларқәа рыҩныҵҟа акыр иҿианы иҟаз ахьыӡқәа ирхыҧхьаӡалан. Аџьам-ҭиурқ хьыӡқәа иреиуоуп: «џьан» - «аҧсы» ауп иаанаго, «ҭемыр» - «аиха». Ашәуаа рҟны иуҧылоит ижәлангьы.
Џьанҳәаҭ – ажәытәан лассы-лассы иуҧылоз ахьыӡқәа иреиуоуп. Адыга ҵарауаа гәыҧҩык еицыҭрыжьыз ашәҟәаҿы ари ахьыӡ аҵакы азышьақәыргылам. Аинтернет-саит ru.wikipedia.org изларбоу ала, ахьыӡ Џьанҳәаҭ адыга хьӡуп, «насыҧ змоу ауаҩы» ҳәауп иаанаго, аха ҳара уи агәра цқьа иҳазгом, избан акәзар араҟа, ари ахьӡ аҿы лабҿаба иаабоит ашьаҭа иалоу, аџьам бызшәа иадҳәалоу, «аҧсы» аҵакы змоу ахәҭаҷ «џьан».

4