Dasania iforum. Форум Дасаниа

Информация о пользователе

Привет, Гость! Войдите или зарегистрируйтесь.


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » АРХИВ ФОРУМА » Сергеи Ҳамыҭ игǝалашǝара


Сергеи Ҳамыҭ игǝалашǝара

Сообщений 1 страница 2 из 2

1

ЛИЛИ ҞАИТАН
ДЦЫНҴƏАРАХЫН

Раҧхьаӡатǝи соушьҭымҭацǝа иреиуаз,
еснагь сызхыҽхǝоз, аибашьраҿы фырхаҵала иҭахаз
Калдахǝаратǝи арҧыс Сергеи Ҳамыҭ ихьӡынҩылоуп

                             Зыбызшǝа аҭҵаара иазыгǝшьуаз арҧысын,
                             Зыбызшǝа аныӡӡаара ианымшǝоз арҧысын…
                             Илшоз зегь ҟаиҵарцаз дҩагылан,
                             Аха уи хымцала даанкылан.

                             Сергеи а-Ҳамыҭ аублаа дырхылҵшьҭран,
                             Дынхон уи дахьааӡаз Калдахǝара ақыҭан,
                             Дырралеи хи-хшыҩлеи деибыҭан.
                             Иқǝра иаанумшьаларатǝ уи дҟǝышын.

                             Амцабз згǝылҟьоз абаҩхатǝра ду илан,
                             Ахықǝкы лаша змаз цынҵǝарахын,
                             Иӡхьаз абызшǝақǝа, ибызшǝагьы налаҵан,
                             Рышьҭақǝа дырхылан, днеиуан,
                                    уи днеиӡахьан…

                             Аҭоурых занааҭ ҷыдала иалхны,
                             Инапаҿы ибзиаӡаны иааигахьан.
                             Ижǝлар рҿаҧхьа иаҳаҭыр шьҭыҵхьан,
                             Иқыҭа, иҳабла ҭоурыхла иҭиҵаахьан.

                             Илшаран иҟаӡаз, уи ахьӡара иоузҭгьы,
                             Иҟаиҵараны иҟаӡаз аибашьра ихьымӡазҭгьы…
                             Ма ихылҵыз ҳǝа ишьҭахьҟа аӡǝ дынхазҭгьы…
                             Иҟамлоз, нас иара дызхьымӡаз дахьӡазҭгьы.

                             Игǝымшǝареи игǝаҕьреи рзы
                  ианашьоуп аҳаҭыр,
                             Иреиҕьӡоу ахǝшьара – Леон иорден.
                             Хашҭра уқǝымзааит аублаа ҷкǝын –
              Аҧсны зхы ақǝызҵаз,
                             Ухы зқǝуҵаз адгьыл узы ибымбылхааит.

2

АҨЫЗА ГƏАКЬА ИЗЫ АЖƏА
(Памяти моего ближайшего друга Сергея Хамит)

      Аҧсуа-адыга жǝларқǝа иреиуоу, хылҵшьҭрала аҧсуаа еиҳа ирзааигǝоу, кǝасҭҕахык ҳацеиҩызшаз, рхнышьнак ҳацеиҩызҵǝаз, шарҧыеҵǝа еиҧш иҩыҵхахаз, хǝылҧыеҵǝа еиҧш иҭашǝаз аублаа жǝлар рҵеи хьӡырҳǝага, Аҧсни аҧсуареи  рпатриот ду Сергеи Анатол-иҧа Ҳамыҭ уанизхǝыцуа, гǝалас иҟаумҵарц залшом ари арҧыс лаша илахьынҵа қǝнамгала иахьизныҟǝаз, иара ахыжǝеиҧш игǝы иалаз, ҭахак ихы иамҭакǝа дыззыгǝшьуаз ижǝлари ихатǝы бызшǝеи реиқǝырхара аус дахьӡартǝ еиҧш аҧсынҵры ахьинамҭаз. Ирҳǝоит аамҭа иамырҕьо хǝракгьы ыҟам ҳǝа. Аха ахǝрақǝагьы зегь еиҧшым. Иаҳҳǝап, хǝрак арҕьаразы шықǝсык аҭахызар, даҽа хǝрак ихьу-хьууа иҕьом жǝашықǝса, ҩажǝа шықǝса. Аӡǝырҩы ҳҩыза гǝакьа Сергеи Ҳамыҭ иҧсҭазаара алҵра иаҳнаҭаз ахьаа, агǝра згоит, ҩынҩажǝеижǝаба шықǝса ҵыргьы хǝшǝы змам хьааны ишаҳзаанхо. Уи иразра, иуаҩра, иаҧсуара адагьы, иҵакы дара иҳаракын.
      Иҟалап, ари ауаҩ аамҭала, Аҧсны аибашьра хлымӡаах иалашǝаанӡа, имилаҭра шьақǝимыргылазҭгьы, уимоу иабдуцǝа рбызшǝа гǝакьа – аублаа бызшǝа (еиҳа ииашазар ҟалап «абыхǝ бызшǝа» ҳǝа азаҳҳǝар) – ҭҵаауа даламгазҭгьы, иахьагьы уи даҳгǝалаҳаршǝаларын, аха даҽакала, ус, ҧсыуа ҵеи бзиак иаҳасабала, аибашьраҿ иҭахаз фырхаҵак иеиҧш. Аха аибашьраҿ хьыӡла-ҧшала иҭахаз аҷкǝынцǝа маҷӡам, Сергеи иакǝзар – даӡǝын. Дарбанзаалак аӡǝы абри игǝы иалымсааит. Сара схаҭагьы схы здыруеижьҭеи Кавказ нхыҵ-аахыҵ иқǝынхо аешьаратǝ жǝларқǝа реизааигǝатǝра аус аҵыхǝа сҭыҵуам, сара стǝалагьы акык-ҩбак сылсыршахьеит, аха Сергеии сареи, ма Сергеии даҽаӡǝи узеидкылом. Сергеи дыззааҧсоз аус аиааира агазҭгьы, мышкаха-мышкаҵыхǝа, ашьхарыуа жǝларқǝа рыбжьара, аҷҷаҳǝа рхатǝы бызшǝала ицǝажǝо, азныказы, рхыҧхьаӡара аамаҷхаргьы, уеизгьы-уеизгьы дара убаратǝа, ҭеиҭҧшла дара шракǝу удырратǝа, шǝареи ҳареи ҳабжьара иааҳалагылон ҿыц ишьақǝгылаз аублаа жǝлар рхаҭарнакцǝа.
      Сергеи иуацǝеи иҩызцǝеи дрылагыламижьҭеи абар уажǝшьҭа иҵуеит жǝаха шықǝса. Уи диит Гǝдоуҭа араион, Калдахǝара ақыҭан. Абжьаратǝ ҵараиурҭа ибзианы даналга Сергеи дҭалеит Аҧснытǝи аҳǝынҭқарратǝ университет аилазаара иалоу аҭоурыхтǝ факультет. Актǝи акурс даналга, 1983 шықǝсазы, Сергеи дрышьҭуеит аррахь. Уи дақǝшǝеит Арра-Мшынтǝ флот, аҳǝаанырцǝтǝи атǝылақǝа акыргьы еимидеит. Жǝиҧшь шықǝса анихыҵуаз акомҿареидгыла иалалаз, Сергеи 21 шықǝса анихыҵ далалоит акоммунисттǝ партиа. Аррахьтǝ Сергеи дшаахынҳǝыз еиҧшҵǝҟьа даалагылоит Аҧсны аҩныҵҟа аҭыҧ змаз, Горбачов дызлагаз аиҭакрақǝа ирхылҿиаауаз аполитикатǝ еибарххарақǝа. Уи далалоит ауниверситет аҵаратǝ совет, астудентцǝа еиҿыркааз, «Анаҟǝаҧиа» ҳǝа хьӡыс измаз ахеидкыла анапхгаҩцǝа дыруаӡǝкхоит. Уинахыс лассы-лассы дцǝырҵуа далагоит акьыҧхь аҟны. 1990 шықǝса рзы ауниверситет даналга, Сергеи ианаршьоит адиплом ҟаҧшь. Анаҩс икыҭахь дгьежьны аҭоурых арҵаҩыс аусура далагоит. Убраҟа аус шиуазгьы, даарыҧхьоит ҿыц еиҿкаахаз Аҧснытǝи агǝыҳалалратǝ-демографиатǝ фонд ахь аҭакзыҧхықǝу маӡаныҟǝгаҩыс. Далахǝын Аҧсны аиқǝырхаразы имҩаҧысуаз аҧсуа жǝлар рмилаҭтǝ ҵысра. Аҧсны Аџьынџьтǝылатǝ еибашьра ишналагаз еиҧшҵǝҟьа абџьар шьҭыхны атǝыла ахьчаҩцǝа днарылагылеит, деибашьуан Гиви Допуа напхгара зиҭоз агǝыҧаҿ. 1993 шықǝса рзы, цǝыббрамзатǝи ажǝылараан, Аҟǝа азааигǝара фырхаҵарала иҧсҭазаара ҿахҵǝеит.
      1999 шықǝса рзы Аҟǝатǝи ашǝҟǝҭыжьырҭаҿ, Аҧсны арепатриациазы Аҳǝынҭқарратǝ еилакы ҧыхьатǝи аиҳабы Гиви Допуеи агǝыҧ «Аҧсадгьыл» анапхгаҩы Иура Аргǝыни рыбзоурала иҭыҵит Сергеи Ҳамыҭ икалам иҵҵыз, «Аубых итрагедиа» ҳǝа хьӡыс измоу   еиуеиҧшым иусумҭақǝа реизга.
      Ашǝҟǝы ианылаз аҩымҭақǝа иаарылукаартǝ иҟоуп ҿыгҳарала 70 даҟьа иреиҵам, Калдахǝара ақыҭа аҭоурыхи аҭыҧантǝи ауааҧсыреи ретнографиа иазку аусумҭа. Араҟа икьыҧхьуп Калдахǝара ақыҭа аҧсабаратǝ-географиатǝ ҭагылазаашьа, ауааҧсыра реилазаара, аҭыҧхьыӡқǝа, аҭоурых, археологиатǝ баҟақǝа, адинхаҵаратǝ ҭагылазаашьа, аҧсуа жǝлар рынцǝахаҵара, рныҳǝарақǝа, рмифологиа, рҽыхǝшǝтǝратǝ ҟазара, ажǝытǝ хныҟǝгара ацǝынхақǝа, аҧсуаа рҵас-рқьабз ирызку анҵамҭақǝа.
      Сергеи ипублицистикатǝ кьыҧхьымҭақǝа агǝра удыргоит ари ауаҩ доуҳала иҵаулаз, ҵакыла иҳаракыз аҵеицǝа дышреиуаз. Иара иажǝақǝа иахьагьы ҳанрықǝныҟǝаны ҳҿынаҳхар, уаҵǝы хьаа-баа ҳамамкǝа, ҳажǝлар еиламырцҳакǝа иныҟǝганы аамҭа бзиа ҳазнеирын. Сергеи иҩуан ҳара ҳада аӡǝгьы аҧсуара шизымхьчо, уаҩ игǝы ҭнашьаартǝ ишыҟоу ҳара аҧсуа бызшǝа ҳшазнеиуа, уи аныҟамла ҳара адунеи ҳшаныӡаауа, аҧсуа бызшǝа ҳаамҭазтǝи аҭагылазаашьа аҵарра ҳара ҳада аӡǝы ишихарам, анацǝеи абацǝеи рхǝыҷқǝа аҧсуа школқǝа ишҭарымҵо, ишаҭаху Баҭымтǝи аҧсуаа рзы аҧсыуа школк аартра, ишеиҭашьақǝыргылатǝу аҧсуа ҭыҧхьыӡқǝа, зегьы ишаҳуалу абиурократиатǝ цǝырҵрақǝа рҿагылара уҳǝа убас егьырҭгьы.
         Ҿырҧштǝқǝак раҳасабала, абраҟа уажǝ маҷк сырзааҭгыларц сҭахуп Сергеи дызлацǝажǝоз, ҭаха изымҭоз, мшын цǝқǝырҧаҵас деилазыршоз ацǝырҵрақǝа. Азааҭгылара анаҩсгьы, исҭахуп ари аҵеи хьӡырҳǝага иажǝа еиқǝырханы, иара ишиҳǝаз еиҧшҵǝҟьа абыҕьшǝы арбара.
      Гǝҭакыла аҽеидкылареи апатриотизмреи рзы: «Избан аҵыхǝтǝантǝи ашықǝсқǝа рзы изакǝызаалак иҳахǝаша ак ҟамҵаӡакǝа аамҭа баша изцо. Имаҷума иахьа аҧсуа ҿар ҳҿаҧхьа ишьҭоу аусқǝа, ҳара ҳамч зықǝхаша, инаҳагӡаша». «Дарбанзаалак аҧсуа уаҩы, апатриот цǝанырра злоу, аҧсуа милаҭ рхьаа иаргьы ихьаазароуп. Иазхазааит ҽырба-патриотра, аишǝа аҿы ажǝа ҧшӡақǝа рҳǝара. Иаамҭоуп хдыррала ахҧышǝаратǝ ҟазшьа змоу апатриотизмрахь аиасра».
      Аублаа жǝлар ыҟам ҳǝа ирҳǝо ашьақǝырҕǝҕǝарақǝа рзы: «Схǝыцыргьы сеиҭахǝыцыргьы агǝра сызгом аубыхқǝеи урҭ рбызшǝеи адунеи ианыӡааит ҳǝа. Ҳара аҧсуаа ҳганахьала Ҭырқǝтǝыла зегь еимыздахьада?! Насгьы, аҳǝаанырцǝтǝи аҵарауааи, адыга ҵарауаҩ, апатриот Кумахови акыр ишааҧсахьоугьы, сгǝы иаанагоит Ҭырқǝтǝылан аҟǝаҧаҿаҧарақǝа иҵегьы еимдазар лҵшǝак аиуп ҳǝа. Уи дгьыл ҭбаароуп, уимоу Аҧсны шаҟаҩы аҧсуаа ыҟоу иашала изыҧхьаӡахьада?!»
      Аҧсуа чарақǝа рымҩаҧгаразы: «Ҳара ҳазмырҕьацо ҳнапала иҟаҳҵоит, ишырҳǝо еиҧш акǝты ашьыга ашьапхыц иҵнахуеит ҳǝа. Уи арбану? Уи закǝу ҵыхǝаҧҵǝара змам ҳара-ҳарала ҳхибарҵǝара: аиныхрақǝа, ачарақǝа, акомпаниақǝа. Аҧсуаа ҳарахǝ ҳрылгеит, изааӡарызеи аҩыжǝра ҳатǝнатǝит». «Иахьа аҧҳǝыс дааганы ачара еиҵҳǝа иузымур, аҵǝы уахаҵо урымазаауеит! Мцума, нас, иахьа ирымҳǝаӡои «уи чарас ииуз ҳǝа егьыҟам, ауаа маҷын», мамзаргьы «ных, уас урҭ уаҩы дрымам, компаниашǝа акы иуит» ҳǝа?! Ари ҧсрами». «Иреиҕьӡами нас аҧҳǝыс дааганы ашьтǝа шьны, угǝакьацǝеи, угǝылацǝеи, уҩызцǝеи уаарыҧхьаны хǝыда-ҧсада акрырҿоуҵар, учарагьы дмырҧшӡои».
      Аҧсуа ҭыҧҳацǝеи арҧарцǝеи рхымҩаҧгашьазы: «…Ргǝы иалымсааит ҳаӡҕабцǝа… ихамаҧагьашǝа рҽыҟарҵан, ркультурагьы лаҟǝит». «Есымша аҩныҟа санаауа сыла иабоит урҭ, шьамхахьы азараҟьа цǝа автобус илҭаҧсаны инҭыҵуеит». «Нас абри леиҧш иҟоу аҭыҧҳа унлырхару?!» «Зегьы иреицǝоуп, цҭǝык аҵыхǝала (уи абаҟамлац) уҧҳǝыс аҩныҟа днабжьҟьар, уи «ишҧыкǝу ҳаӡҕаб ушлацǝҳауаз» ҳǝа «ацхыраара» анлырҭа, уусқǝа хыбгалеит, ухаҵкы арҧыс». «Убри амшала, шаҟа ҭаацǝа еилыҵхьоузеи, шаҟагьы ацҭǝы иагахьоузеи». «Сгǝанала, шамахамзар, ақалақь ҧҳǝызба ақыҭарҧыс диқǝнагом. Уи лааӡашьа аҽакуп, луадақǝа рынахыс анхараҿы акгьы даҧсам».
      Аҵас бааҧсқǝа рзы: «…Иаауго аҧҳǝызба лышьҭра «арбара» унапы ианылоит, ухǝда даҽа еидарак нықǝҳауеит. Уи уанхǝа, уабхǝа, урҭ рышьҭра, ҳаҧсцǝа-ҳабзацǝа зегьы ахьы-аҧара иаургароуп. Аригьы хырҵǝага усхеит»…
      Уажǝазы шǝзыҧхьо агазеҭ «Аҧсны» аҿы икьыҧхьу, лымкаала Сергеи Ҳамыҭ изку адаҟьа аҩныҵҟа аҧхьаразы ишǝыдаагалоит «Ацǝгьоуратǝ цǝырҵрақǝа ҳарҿагылап» ҳǝа хыс измоу анҵамҭа. Иазгǝашǝҭ, уи иану иҳǝан, икьыҧхьын 1992 шықǝса алагамҭазы, Аҧсны аҿагылаҩцǝа иаркы-ирцǝ ҳǝа ианыҟаз, ас ацǝажǝара-ақǝгылара акыр иангǝаҕьыуацǝаз. Иазгǝасҭар сҭахуп абри аҩымҭа агазеҭ «Бзыҧ» акорреспондентк иаҳасабала саргьы сџьабаа хǝҷы шаду. Уи Сергеи сиҿцǝажǝаны ианысҵаз, азныказы аиҿцǝажǝара аформа аманы агазеҭ иазыҟасҵаз кьыҧхьымҭоуп.
      Сажǝа хыркǝшо, исҭахуп лгǝы сырҕǝҕǝарц Сергеи иан – Римма Џьыкыр-ҧҳа (Римма Джикирба). Уи Сергеи дианзар, саргьы анык леиҧш бзиа дызбоит. Хьӡи-ҧшеи згым ажǝла иалҵыз, Сергеи иеиҧш аҵеи ссир дызхылҵыз, анацǝа ирану, аҳǝсацǝа ираҳкǝажǝу Римма Џьыкырба-Ҳамыҭ иахьа лҧеи лыҧҳаи рҭаацǝарақǝа дырхылаҧшуеит, лмоҭацǝа лааӡоит, анхамҩа ныҟǝылгоит. «Сҧа дҭахеит» ҳǝа, «аҩны аҧшǝмагь дагхеит» ҳǝа лгǝы калыжьуам: уи еснагь еиҧш, лысасгǝашǝ аартуп. Сергеи дымҧсӡеит, уи ихьӡ Аҧсни аҧсуа жǝлари ыҟанаҵ ахаан ҧсра-ӡра ақǝӡам. Сергеи гǝалас имаз, уи дызхьымӡаз аублаа жǝлари аублаа бызшǝеи реиқǝырхара ҳара, иара иҩызцǝа, инаҳагӡартǝ еиҧш Анцǝа иҟынтǝ алшара ҳауааит!


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » АРХИВ ФОРУМА » Сергеи Ҳамыҭ игǝалашǝара