Dasania iforum. Форум Дасаниа

Информация о пользователе

Привет, Гость! Войдите или зарегистрируйтесь.


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » Аҧсуа Форум » Бзиа иаабо ажәеинраалақәа


Бзиа иаабо ажәеинраалақәа

Сообщений 1 страница 3 из 3

1

ИГОР МАРЫХӘБА

АҦСУА ШЬА ҔЬАШКИТ!
(1992 шықәса, август 14 аҽны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аҧсны еибашьрала рқәылара иахьӡынҩылоуп).

Сталини Бериеи ирцәынхан Аҧсны, рыцҳа!
Ашьҭахьтәиқәагь ирцәынхеит Аҧсынра!
Афашист Шеварднаӡе итанкқәа,
Аҟәа изалымсызт, иҵыхутәантәхеит!

Урҭ агыгшәыгқәа Аҧсны иазаарцахьоу!
Аҧсуаа ирылырххьоу ашьа –
Иааицылан, Аҧсуа шьа рзыҕьашкын,
Қырҭуа жәларык еилагеит!

Иаҵалеит урҭ ҳ-Агәнаҳа изҵымҵша,
Ҳныхакәа рымч еизыркәкәа —
Рҿаҧхьа хҿыхра иақәиҭымкәан,
Идамыҕаха адунеи иазынхеит!

Аҧсны уааны ухысыр ҟалома?!
Шаҟа Аҧсны агәы ҧшқоу шәымбаӡои?!
Аҧсуа и-Ҳақ уаҕрагылар ҟалома?!
...Қырҭтәыла – џьаҳаным ҭыҧхт, шәымбаӡои?!

Жәларык р-Доуҳа Мчы – АҦСУАРА,
Зқьышықусала ишьанҵахаз Иара,
Ашьамхарсра, аҭҟәара, атәитәыхра —
Дунеихаан изалмыршацт аӡәгьы!

Уи ус шакәу шаҳаҭра руеит: ҳ-Ныхақәа,
Нарҭаа р-Доуҳа, Сасрыҟәа, Абрыскьыл,
Саҭанеи-Гәашьа шәҩы лхьырҧарцәа,
Ҳмырҭаҭратә нцәахәқуа, адамрақәа,

Цқьа иҭҵаам аҧсуа бызшәа – ижәытәӡатәу,
Еицакра зқәым аҧсуа иҭоурых,
Аҧсуа илаҕырӡ иарҵааз Амшын Еиқәа,
Аҧсынра ажәытәра – абаашлых!

Аҧсуа шьхақәа уреиканыр ҟалома?!
Кавказ шьхақәа рыжәҩахыр еибаркуп!..
Аҧсуа идац-иҧашә уакьысыр ҟалома?!
Кавказ жәлар рыжьра-цәара акуп!

Анцәа ухы азыҳәан иалухыз аҭыҧ ҧшӡа,
Аҧсуаа иҳауҭаз – АҦСНЫ!
Уахылаҧш!! Ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп!
АҦСУАА ИАҲХУМБААН АҦСНЫ!

Аҧсны уааны ухысыр ҟалома?!
Шаҟа Аҧсны агуәы ҧшқоу шәымбаӡои?!
Аҧсуа и-Ҳак, уаҕрагылар ҟалома?!
Аҧсуа шьа ҕьашкит, шәымбаӡои?!

1992 шықәса, август 28,
ақ Аҟәа, Аҧсны Ареспублика

2

Таиф АЏЬБА
АҦСНЫ АГИМН

Иҭбаауп адунеи, иҭбааӡоуп,
Иагьбеиоуп, иагьыҧшӡоуп зқьыхкыла.
Аҧсадгьыл атәы даҽакӡоуп,
Уи ауп зегь иреиҕьу атәыла.

Ишәҭуаз Анцәа иишаз Аҧсны,
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарҧхоз иахьӡаны,
Иҧшьоу ахақәиҭра лашара!

Уи хьӡи-ҧшеи фырхаҵареи згым,
Зықьнашықәса иааирала ицаша!
Бираҟҵас ишьҭыхны ҧсра зқәым
Ҧхьаҟа инагала уиаша!

Ишәҭуаз Анцәа иишаз Аҧсны,
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарҧхоз иахьӡаны,
Иҧшьоу ахақәиҭра лашара!

3

Таиф АЏЬБА
АҦСНЫ АГИМН

Иҭбаауп адунеи, иҭбааӡоуп,
Иагьбеиоуп, иагьыҧшӡоуп зқьыхкыла.
Аҧсадгьыл атәы даҽакӡоуп,
Уи ауп зегь иреиҕьу атәыла.

Ишәҭуаз Анцәа иишаз Аҧсны,
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарҧхоз иахьӡаны,
Иҧшьоу ахақәиҭра лашара!

Уи хьӡи-ҧшеи фырхаҵареи згым,
Зықьнашықәса иааирала ицаша!
Бираҟҵас ишьҭыхны ҧсра зқәым
Ҧхьаҟа инагала уиаша!

Ишәҭуаз Анцәа иишаз Аҧсны,
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарҧхоз иахьӡаны,
Иҧшьоу ахақәиҭра лашара!


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » Аҧсуа Форум » Бзиа иаабо ажәеинраалақәа