Сгǝы иаанагоит, знызаҵǝык иадамхаргьы, зыҧсҭазаараҿы жǝеинраалак зымҩыц аӡǝ дыҟам ҳǝа. Раҧхьатǝи ажǝеинраала сара изҩит санқǝыҧшӡаз. Сыҩуан аҧсышǝалеи урысшǝалеи. Аиашазы, сара даара бзиа избоит апоезиа. Уажǝазы абра ианысҵо сажǝеинраалақǝа, бжеиҳан, акьыҧхь рымбацт. Аҳǝара ҟасҵоит аринахыс зхатǝы жǝеинраалақǝа змоу ҳфорум ахархǝаҩцǝа абри адаҟьаҿ ианышǝҵаларц шǝаҧҵамҭақǝа.

АҦСНЫ АЗЫ АШƏА

Сара сыҧсадгьыл сгǝы-сыҧсы адкыл
Ашǝа азыскуеит, «уарада» сҳǝоит.
Сашǝа еинаала сыгǝҭыхажǝала
Ҳа ҳ-Аҧсынтǝылаз абраҟа игоит.

«Уарада» ансаҳауа,
Гǝыла са слашауа,
Снагылоит сшǝаҳǝауа,
Ҧсыуаҵас скǝашауа.

«Уарада» шǝҳǝа зегьы,
«Уарада» - ҳашǝа гǝкы,
Шǝаҳцǝымгылан хазы,
Ҳаҟаз Аҧсынразы!

Ҳаҧсуара мыӡуа, ҳахьӡ-ҳаҧша шьҭыҵуа
Иҟаз наӡаӡа ҳа ҳ-Аҧсынра!
Ҳаҧсуашǝа иацҵо, «уарада» ҳацҳǝо
Ашǝуаа, адыгаа ҳацыз абра!

«Уарада» ансаҳауа,
Гǝыла са слашауа,
Снагылоит сшǝаҳǝауа,
Ҧсыуаҵас скǝашауа.

«Уарада» шǝҳǝа зегьы,
«Уарада» - ҳашǝа гǝкы,
Шǝаҳцǝымгылан хазы,
Ҳаҟаз Аҧсынразы!

Аҧсыуаа ҳада, ҳаҧсуа бызшǝада
Иҟам Ҳаҧсадгьыл, ҳаҧсуа ҭоурых.
Ҳажǝҩа еидаҳҵап, ҳашǝа еилаҳҵап
Амҩагьы ҳнықǝлап ҳаҧсуара шьҭых!

«Уарада» ансаҳауа,
Гǝыла са слашауа,
Снагылоит сшǝаҳǝауа,
Ҧсыуаҵас скǝашауа.

«Уарада» шǝҳǝа зегьы,
«Уарада» - ҳашǝа гǝкы,
Шǝаҳцǝымгылан хазы,
Ҳаҟаз Аҧсынразы!
2007 ш.

ДАДЫН ДУ

Дадын дхаҵоуп,
Амч ду илоуп,
Мгǝыҭбаақǝа изыҟоуп,
Дҟырҟҭшǝоуп ҳǝа дыҟам.
Абгеиҧш атǝым кǝтыжь
Дачычоуп ихааупаз,
Аиаша ицǝымҕуп
Амҩа ҭбааупаз.
Аха даазқǝылаз Дадын акрифом,
Избанзар имҟǝыба
Шьҭа аӡы аанагом.
Уажǝшьҭаҵǝҟьа дхаҵоуп ҳǝа
Аӡǝгьы диҧхьаӡом.
Имч дугьы башахт,
Уаҩысгьы дыршьом.
1985 ш.

АЦƏЫӠ

Исцǝыӡит, исцǝыӡит,
Исцǝыӡит хǝы змамыз,
Исцǝыӡит хǝы змамыз,
Зда схǝарҭамз акы.
Ижǝбазар, аҩызцǝа,
Ижǝбазар хǝы змамыз,
Иҧшӡахаауп ҳǝа исшьоз,
Хǝы змамыз, бла зхамыз?
- Хǝы змамыз?
- Бла зхамыз?
- Иҧшӡахаауп ҳǝа иушьоз?
Ихьызма,
- Иҧшьазма
Зда ухǝарҭамшǝа иубоз?
- Сыздыруам!
- Ҳаздыруам!
- Сыздыруам, сымҳǝеи!
Ак кажьны зынӡаскгьы изымбацт!
Исцǝыӡит, исцǝыӡит,
Иансцǝыӡыз сыздыруам,
Шьымҭану, шьыбжьону
Анцǝа заҵǝ идырп!
Иахьыкǝу, ианыкǝу?
Убриҵǝҟьагь сыздыруам,
Схы-сҿы аччара иқǝыз
Сыздыруам иахьсцǝыӡ.
1986 ш.

АҦСЫНҬЫҦҲА

Быгǝзырҳагоуп, ига сыгǝра,
Са сеилазгаз Аҧсынҭыҧҳа.
Зегь ҳазшаз, о, иаӡǝу Анцǝа,
Сырманшǝала, са сеиқǝырха.

Лашарак иахьа исырба,
Аблеиқǝара са сылгǝарҧха.
Сгǝеисра дшалоу уара уҭыҧҳа
Илырдыр, са сы-Нцǝа.

Ибдыруаз, сыбзыбылуеит аеҵǝ шбылуа
Инымҵǝо гǝаблырак саргǝаҟуеит ҩаҧхьа
Исыршǝаҳǝоит быхьӡала са сыҧхьарца
Са сзыршǝаҳǝо бзиабароуп, ихаҵа.

Уажǝ бныҵашǝеит сылаҧш, сара сгǝацаҧха,
Бхаҿсахьоуп ибымҭан сара исзынха.
Ижǝҩантǝуп ицǝырҵыз ҳабжьара абылра,
Насыҧла ҳаиқǝшǝарцаз са сиҳǝоит Анцǝа.

Сылашара, са слахьынҵа,
Сымыш-сыҵых, са сыхьҟǝыршǝа.
Бымҩа сықǝуп, џьара сымтǝа,
Сыеҵǝ шаша, са бысзыҧха.
2007 ш.