Акыршықǝса уажǝаҧхьаҟа, сҵаҩны, абжьаратǝ ҵараиурҭа алгаразы уамак сыгымкǝа, сара раҧхьаӡа акǝны исаҳаит аҧсуа-адыга жǝларқǝа хылҵшьҭрала ҳаҭаа ишреиуоу. Исаҳаз гǝныскылеит, уинахыс аҭҵаара нап асыркит аҳаҭ жǝлар ирызку аҭоурых, срышьҭалеит ашǝҟǝқǝеи абыҕьшǝырқǝеи (даҽакала иуҳǝозар, ажурналқǝа). Еиҳарак уи гǝацҧыҳǝарала исгǝазырҧхаз ирхадан аҧсуа жǝлар ҳҵеи лаша, аҵарауаҩ ду Владислав Арӡынба ари аҭҵаара аус акыр дшазааҧсахьаз. Хымҧада, сара усҟан, егьа сыхǝҷызаргьы, ибзианы еилыскаауан ари ас, машǝыршақǝ, ишыҟамлаз.
Шықǝсқǝак рнаҩс, журналистк иаҳасабала, Кавказынхыҵ, ҷыдала Аиадыгьтǝыла, Ҟарачы-Черқьесиа, аҳǝынҭқарратǝ телерадиоеилахǝыраҿ аусура ансықǝшǝа, исылсыршеит уаҟа рацǝак иззымӡырыҩуаз арадио аҧсы ахаҵаны, иаҳзеиҧшу аҧсуа-адыга тематикала арцǝажǝара. Сусура аханатǝ ишьҭысхыз ахырхарҭақǝа иреиуан аҳаҭ жǝлар рҭоурых иадҳǝалаз азҵаарагьы. Исгǝалашǝоит арҭ адырраҭарақǝа гǝцаракны ишрыдыркылаз аҭыҧантǝи аиадыгь, ашǝуа, ачерқьес ҵарауаа, ашǝҟǝыҩҩцǝа, ауаажǝларратǝ усзуҩцǝа, арҵаҩцǝа.
Урҭ рахьтǝ еиҳа схаҿы даанхеит сдырраҭарақǝеи скьыҧхьымҭақǝеи рыбжьы ақǝзыргаз ашǝуа шǝҟǝыҩҩы, иахьазы адунеи зыҧсаххьоу, қǝрала сиеиҵбаӡазаргьы, ҩызадук иаҳасабала пату зқǝысҵоз ауаҩ нага Ҭҳаиҵыхǝ Бемырза (ашǝуаа рҟны, иахьа уажǝраанӡагьы, ауаҩы ихьӡи ижǝлеи еидкыланы ианырҳǝо аҧхьа ажǝлоуп идыргыло, анаҩс ахьыӡ). Агазеҭ «Абазашҭа» 1997 шықǝса, ажьырныҳǝа 15 рзы ианылаз Ҭҳаиҵыхǝ Бемырза икьыҧхьымҭа иахьӡын «Ауаа рҿалаҳǝара ҳҭурых иауап» ҳǝа. Ашǝуа ҳашьцǝа «аҿалаҳǝара» ҳǝа ззырҳǝо ажǝа уи «афольклор» ауп.
Абар Ҭҳаиҵыхǝ Бемырза инапы иҵҵыз аҩымҭа иаҳǝо цыҧҵǝахақǝак (ианаҳҵоит ашǝуа бызшǝала):
«Ҳгазеҭ ҵыҧх аномерқǝак – 99, 100, 103 – иаарыншǝалаз абхаз ҭоурыхҩоу ҿа, ажурналист Давид Дасаниа инаука нхара «Асқǝшызқьқǝа урылаҧшхырқǝын» (иара инаплаҩыра ишаныз ари акǝын: «Шумеры, хатты и абхазо-адыгский мир») ҳыбызшǝала ианасрыҳазыруазгьи, ауи анаақǝшǝа санаҭаҧхьахгьи хǝыцра џьашьахǝак аасыланаҵан, ауи ҳаҧхьаҩцǝагьи идсырдырра сҭаххат. Иызсҭаххазгьи аҧхьахьақǝа (аҵарауаа – Д.Д.) сранҟǝаҟǝныс (срацлабразы – Д.Д.), ҽсрыгǝыбзыҕаҭа сха иакǝым ақǝсҵауа ҿыцрак аасҳǝарныс гьакǝым. Исҭаху закзаӡǝык акǝп: абазақǝа ари адгьыл ахахь апны ҳааншишьҭара, ҳбзазауишьҭара иҵуа гьсқǝшышǝҧхьаӡарам, сқǝшызқьҧхьаӡара шьарда ааҵанакит. Ауи алызбаат Дасаниа Давид иынхара «Асқǝшызқьқǝа урылаҧшхырқǝын». Ауаҟа аисторик ҿа иааиҳǝит иҧсыз ауаақǝа – а-шумер-қǝа, а-хатты-қǝа, а-хетты-қǝа даҽагьи ари ҳызлабзазауа аера ҿыц аҧхала сқǝшы 3000-4000 унаскьахырқǝын аан абаза-абхаз-адыгьа уаақǝа ауаҭ ишрыцбзазуз, рыбызшǝақǝалагьи, рҳальқǝалагьи (рҟазшьақǝала – Д.Д.), ркультурақǝалагьи ишырҟаҳыльцǝаз  (рыуацǝа шракǝыз – Д.Д.)».
«Ауаса уахьҵǝа ари аҩыра рыҵа иаалскаара сҭаххаз ҳҿалаҳǝарақǝа ирылу ажǝак акǝп. Ауи Дасаниа Давид иааигуа ашǝаҧхақǝа (аҿырҧшқǝа – Д.Д.) ирыцнакит, иарыбаҕьит. Иыззысҳǝауа ажǝа «ҳаҭы» акǝп. Зынла уаҧшрықǝын «ҳаҭы» иамаану аадырит – аҧхала аџьмацǝа иаалырхҭа ирчҧуз амашақǝ хǝыц акǝп. Ауаса (абас) сара уи ажǝа «ҳаҭы» ҳуаа рҿалаҳǝарак «Ҵаракǝыжǝ сакǝп…» аҧны сананиара («Уабаҟаз? Ҳаҭы сцан…») иызҿсырҧшра гьсзымдыруазт. «Ҳаҭы» машақǝҷкǝынызҭын (ааҵǝахǝҷызҭгьы), аҩыҵǝҩыс (ауаҩы) (Ҵаракǝыжǝ) ауи амашақǝҷкǝын аҧны дшҧацауа, ауаҟа иааиҷазҳқǝауа (пату иқǝызҵаз), дзырчақǝауа иырмааныиа?