Аҧсуа-адыга жǝларқǝа иреиуоу, хылҵшьҭрала аҧсуаа еиҳа ирзааигǝоу, кǝасҭҕахык рыцеиҩызшаз, рхнышьнак рыцеиҩызҵǝаз, шарҧыеҵǝа еиҧш иҩыҵхахаз, хǝылҧыеҵǝа еиҧш инҭашǝаз аубых жǝлар рбызшәеи рҭоурыхи иахьа уажәраанӡа ишрыхәҭоу еиҧш иҭҵаам, рҵас-рқьабз ӡыргам, рхыҵхырҭа дырым, уимоу, урҭ рыҧсадгьыл хәҷы аҵакыраҵәҟьагьы ҳәаақәҵам, иахьыҟаҵәҟьаз, иахьынхоз-иахьынҵуаз цқьа еилкаам.
Хара ҳазцари, аубыхҭҵаара аҩаӡара ахьынӡаҟоу зегьы иреиӷьны иааҧшуеит ҳаҧсуа жәлар аубыхцәа ишрышьҭаҵәҟьаз ахьаҳзымдыруала. Иаадыруазаргьы, уи ахьыӡ ала урҭ ҳара иахьа ҳашрышьҭам. Изеицәааӡари, «аубых» ҳәа акәӡамызт аҧсуаа аубыхцәа ишрышьҭаз. «Аубых» ажәа иахам аҧсуа цәа. Уи цәажәом аҧсышәала. Ари ажәа хыҵхырҭас иамоу адыга бызшәоуп ҳәа агәаанагарақәа шыҟоугьы, еилкаам зыӡбахә ҳамоу ажәа иаанаго уи абызшәалагьы. Нас, ишҧарышьҭаз аҧсуаа аубыхцәа? «Иахьа аубых сасдахьк дысҭан», «урҭ аҭаца иааргаз дубыхҭыҧҳан», мамзаргьы «абааҧс, аубыхцәа ҳақәлеит» рҳәозма?
«Аубых» ажәа аҧсуа цәа шаҟәным здыруа ҳҵарауааи ҳашәҟәыҩҩцәеи иашьҭоуп ари ажәа зларҧсахша хьӡык аҭоурыхаҿ аҧшаара. Џьоук ргәаанагарала, аҧсуаа аубыхцәа ирышьҭан «аублаа» ҳәа. «Аублаа жәлар» ҳәауп аубыхцәа рыӡбахә шҳәоу Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҿы. Уи иҿырҧшы иқәныҟәеит аҧсуа жәлар реиҳараҩӡак. Аха ҳаамҭазтәи аҵарауаа ирзымдыруа иҟам «Аублаа» шыжәлоу. Уи жәлархьӡым, уи жәлахьӡуп.
Иҟоуп гәаанагарақәак аҧсуаа аубыхцәа «асаӡуаа» ҳәа ирышьҭан ҳәа зҳәо. Аха араҟагьы иааҧшуеит аиқәымшәара: ирзутәи Аҧсны аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы инхоз, аҧсуа хылҵшьҭра змаз, асаӡ иҧсуа бызшәала ицәажәоз ҳажәлар рыхәҭа ҷыда?
Иҟоуп даҽа ҩ-гәаанагаракгьы. Актәи агәаанагара излаҳәо ала, аҧсуаа аубыхцәа «агәхауаа» ҳәа ирышьҭан. Ашәуа ҭоурыхҭҵааҩцәа ҿарацәақәак ргәаанагарала, аҧсуааи ашәуааи аубыхцәа «абыхәаа», «абыхә жәлар» (абахәрақәа рҿы инхоз) ҳәа ирышьҭан. Иарбану аҵабырг еилкаатәуп иаарласӡаны. Иаҭахны иҳаҧхьаӡоит аубыхцәа рҭоурых иазкны аӡы злоу ашәҟәдуқәа рҭыжьра аҵкыс еиӷьуп ҳәа аубыхҭҵаара азҵаара хадақәа рҭак ҟазҵо еилацалоу аусумҭа аҭыжьра.
Аубыхцәа ирзынарханы аҵарауаа ирымоуп еиуеиҧшым, лассы-лассы еиҿагыло, аимак-аиҿак цәырзго агәаанагарақәа. Иҟоуп аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы зымҽхак зырҭбааз, аубыхцәа рдоуҳатә ҭынха аимҵәара хықәкыс измоу, аҧсуа-адыга жәларқәа ирыҵкару аҵарауаа иаадырҧшуа аҽазышәарақәа. 
Ҵабыргуп, иахьазы аӡәгьы азин имам аҳәара аҵарауаа аубых жәлар рҭоурыхи рбызшәеи хылаҧшыда иаанрыжьт ҳәа. Мап, аубыхцәа рҭоурых гәыгәҭажьӡам. Иҷыдоу азанааҭтә литератураҿы имаҷым ари ажәлар рбызшәеи ркультуреи ирызку аҭҵаарадырратә ҩымҭақәа, ашәҟәқәа. Имаҷым иара убас адунеи аҿы имҩаҧысуа, аубыхцәа рбызшәеи ркультуреи ирызку аконференциақәа. Аамҭа-аамҭала имҩаҧысуеит аҵарауаа рыҭҵаарадырратә ныҟәарақәа. Еиҳарак урҭ мҩаҧысуеит Ҭырқәтәыла: аҵарауаа еиҭахгьы рыҽҧыршәоит ахатәы бызшәа здыруа аубыхцәа рыҧшаара.
Аубыхцәа рҭоурых, иналаршә-ааларшәны, даҽа жәларык ирыдцәыланы, еиҳарак зҵаара мацарала, ҭакда акәзаргьы, проблемак аҳасабала аҭҵаарадырраҟны иқәгылоуп а-19-тәи ашәышықәса алагамҭа инаркны. Усҟантәи аамҭазы Кавказтәи аибашьра зҽалазгалахьаз Урыстәыла ахадара иаарласӡаны ирҭаххеит Кавказ нхыҵ-аахыҵ иқәынхоз ажәларқәа ирызкыз, аҧхьан ирзымдыруаз, иззыбжаз адыррақәа реизгара. Уинахыс ашьхарыуа жәларқәа рахь иаашьҭын аруаа ирыҵкарыз аҧшыхәцәа, аибашьратә ҭоурых ҭызҵаауаз аҵарауаа. Аубыхцәа рахь урҭ иаадырҧшуаз агәцаракра шьаҭас иамаз аилкаара уадаҩым. Урыстәылан ираҳахьан аҧсуааи адыгааи рыбжьара ишынхоз арҭ аҩ-жәларык ирзааигәаз, аха цқьа иреиҧшымз, зхатә бызшәа змаз, егьырҭ ашьхарыуаа иаарылукаартә агәаӷьра злаз, ҟазшьала бнагәы згәыз, аха зхыҧхьаӡара маҷыз жәларык.
Еицырдыруа аҵарауаҩ А.Н. Генко игәаанагарала, аубыхцәа ирызку ижәытәӡатәиу агәаларшәара ҧшаауп а-6-тәи ашәышықәсазы инхоз византиатәи аҭоурыхдырҩи агеографи Прокопи иусумҭак аҿы. Уи уаҟа иҩуан: «Кавказ, абазгаа ртәыла анаҩс, инхоит абазгааи аланааи рыбжьара ишьҭоу брыхәаа ртерриториа». А.Н. Генко иажәақәа рыла, «брыхәаа» зыхьӡу убыхцәоуп. 
Ҳаамҭазтәи ҵарауаҩцәақәак ргәаанагарала, еицырдыруа аҭырқәа ныҟәаҩы Евлиа Челеби 1641 шықәсазы ииҩыз иусумҭақәа руак аҿы иазгәеиҭоит «Ваипига» ҳәа хьӡыс измоу, инықәырҧшны аубых жәлар ирхырҧхьаӡалаз ахылҵшьҭра. Аха «Ваипига» аубыхцәа рахь рыҧхьаӡара уадаҩуп, уи ус шакәу зырҵабыргуа шьаҭакгьы ыҟам.
Акьыҧхь аҟны, иҟоу адыррақәа рыла, аубыхцәа рыӡбахә «убух» ҳәа раҧхьаӡа ицәырган И.А. Гиульденштедт ибзоурала 1787 шықәсазы. Аҵарауаҩ иусумҭаҿы иазгәеиҭоит «убух», «туби» ҳәа хьӡыс измоу, еизааигәоу, амифтә ҟазшьала иаарҧшу  ҩ-хылҵшьҭрак. Арҭ ахылҵшьҭрақәа рынхарҭаҭыҧс иалхуп Аҧсны аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭа. Маҷк ихьшәаны  И.А. Гиульденштедт ибзоурала ицәыргаз аҩ-хылҵшьҭрак П.С. Паллас (1793-1794 шықәсқәа рзы) иалаиҵоит Кавказынхыҵ ишьҭоу Аҧсынду, Шаукеш (иахьазы Белаиа зыхьӡу, аха ҭоурыхла Шьхагәашә, даҽа гәаанагарак ала Шәҳагәашь зыхьӡыз) аӡиас ахы ахьыҵнаго аҭыҧаҿ. 1797 шықәсазы И. Райнегс, И.А. Гиульденштедти П.С. Палласи реиҧш, аубыхцәа Аҧсны иалеиҵоит. 
Уи ашықәсан И. Потоцки, аубых жәлар рынхарҭаҭыҧ ицәеилагазаргьы, раҧхьаӡа акәны иазгәеиҭеит аубыхцәа адыгааи аҧсуааи ишрыҵкармыз, иара убас раҧхьаӡа акәны иқәиргылеит азҵаара «аубыхцәа аланцәа ирхылҵшьҭроума» ҳәа.
Хыхь зыӡбахә ҳамаз аҩ-хылҵшьҭрак («убух», «туби») И. Клапрот игәаанагарала аҧсуа бызшәа адиалектла ицәажәон, рлеишәа цәгьан, иқәылаҩцәан, аҩ бзиа ҭарҭәон, аҳцәа (аҭауадцәа) рымаӡамызт, аамсҭацәа рыман, қыҭа-қыҭала акәымкәа рҽырҧсаҟьаны, хҧа-ҧшьба ҭӡы иреиҳамкәа, инхон. И. Клапрот иусумҭаҿ раҧхьаӡа акәны «убухаа» рхылҵшьҭра арбоуп «туби» ҳәа зыхьӡыз ахылҵшьҭра ада. Иара убас раҧхьаӡа акәны Шәача азааигәара, ари аусумҭаҿ, иазгәаҭоуп «шашаа» ҳәа хьӡыс измоу, Л.И. Лавров игәаанагарала, ихыҭҳәаау ахылҵшьҭра. Аха, Л.И. Лавров иҳәамҭала егьа «ихыҭҳәаазаргьы», аҭоурых ибзианы иадыруеит Шәача акәша-мыкәша ишынхоз аҧсуа хылҵшьҭра змаз, асаӡқәа иреиуаз, иахьагьы «ҳаҧсыуаауп» ҳәа Ҭырқәтәыла инхоны изҳәо, иаамсҭацәоу Шәашаа (Шәачаа) рыжәла. Машәыршәа иҟамлазар акәхап Шәача ақалақь ахьыӡ аӡиас Шәачаҧсҭа аҟынтә иахьынтәаауа. Шәачаҧсҭа ахьыӡ иаҿшәырҧшы Кәдыҧсҭа (Акәыдбақәа рыҧсҭа – «ущелье Кудбовых»), Мациҧсҭа (Амацбақәа рыҧсҭа – «ущелье Мацбовых»), Гәымсҭа (Гәымҧсҭа аҟынтә иаауеит, Агәымбақәа рыҧсҭа ҳәа аанагоит – «ущелье Гумбовых»).
1823 шықәсазы «шашаа» («саши» ҳәа аформала) ахылҵшьҭрақәа «убых», «туби» инрыдҳәаланы, нхарҭаҭыҧс Аҧсынду рзалхны, урҭ зегьы асаӡқәа нрылаҵаны иазгәеиҭоит аҵарауаҩ С. Броневски.
Урыстәылатәи анырра Кавказ аҩныҵҟа аҽарҭбаацыҧхьаӡа еизҳауа иалагеит аубых жәлар рыҧсҭазаашьеи рҭоурыхи ирызку адыррақәа. Аҭоурыхтә ҵабырг зныҧшуа аилкаарақәа рнаҩс ицәырҵуа иалагеит мыцла еибарку, аханатә еидкылаз ажәабжьқәа ирҿагылоз адыррақәагьы. А-19-тәи ашәышықәса актәи азбжа инаркны аҭҵаарадырраҿ ицәырҵит арҭ ашьақәырӷәӷәарақәа акыр изырблаҟьаз, аубыхцәа адыга хылҵшьҭра змоу жәларуп ҳәа ауаа ирылазырҵәоз, уинахыс акыршықәса ҧсахрада иаанхаз аурыс афицар Г.В. Новицки итеориа.
А-19-тәи ашәышықәса а-30-тәи ашықәсқәа рзы, раҧхьаӡа маӡалатәи ҧшыхәҩыс, анаҩс Аҧсны иҭҟәаны иҟаз Ф.Ф. Торнау игәаанагарала, Мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхо хы-жәларык ыҟоуп: аҧсуаа, адыгаа, аҭаҭарцәа. Ишаабо еиҧш, уи араҟа аубыхцәа рыӡбахә иҳәаӡом, избан акәзар иара издыруам урҭ ҧхьаӡатәу аҧшьбатәи жәларны, мамзаргьы иҧхьаӡатәу аџьарныҟәгаҩцәа раҧхьаӡатәи аныҟәараан амшынҿықә иқәнажьлаз ашәуааи, адыгааи, европааи ирхылҵшьҭраны.
Игәцаракны иҭҵаатәу аусумҭақәа иреиуоуп 1840 шықәсазы идырым автор инапы иҵҵыз арратә-географиатә хҳәаак аҳасабала еиқәыршәоу аусумҭа. Уи излаиҩуа ала, Ҭҟәаҧси Шәачеи рыбжьара инхоит аӡәы ихәура иҭам асаӡқәеи шәачааи ргәыҧтә еилазаарақәа. Ҷыдала иазгәаҭатәуп еилкаам автор аубыхцәа рҭыӡҭыҧс ишазгәеиҭо Аубыхтәыла аҩадатәи ахәҭа.   
1852 шықәсазы агазеҭ «Кавказ» адаҟьақәа рҿы ицәырҵуеит аубых жәлар рҭоурых наӡа ганрацәала аҭҵаара аус аҧшьызгаз, «Аубыхцәа аӡынтәи рныҟәара» ҳәы хыс измоу еицырдыруа аҧсуа етнограф, Урыстәылатәи ар афицар С.Ҭ. Ажәанба иусумҭа. Аетнографиатә ҟазшьа шамазгьы, аусумҭа иалалеит аҭоурыхаз хәы змаӡам аубыхцәа рыреилазаареи Абырзыкьаа рыжәла аҭоурыхи зныҧшуа аматериалқәа.
1887 шықәсазы аизга «Кавказ аетнографиа» аҿы иҭыжьын «Аубыхцәа рбызшәа иазкны» ҳәа хыс изауз, аҵарауаа гәацҧыҳәарала ирыдыркылаз абызшәадырҩы П.К. Услар иусумҭа. Ари аҭыжьымҭа раҧхьаӡа акәны ицәырнагеит аубых бызшәа аҷыдарақәа. Уи азыҟаҵараан автор хархәара рзиуит аубых бызшәа ицәгьамкәа издыруаз, 14 шықәса зхыҵуаз арҧыс, ашьхарыуа жәларқәа рхақәиҭратә қәҧара ахагылацәа иреиуаз Ҳаџьы Бырзыкь иҧа иҿиҵааз ажәабжьқәа.