Dasania iforum. Форум Дасаниа

Информация о пользователе

Привет, Гость! Войдите или зарегистрируйтесь.


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » Аҧсуа Форум » Аҧсуа ашәақәа


Аҧсуа ашәақәа

Сообщений 1 страница 3 из 3

1

Абри атема аҩныҵҟа еизаагап Аинтернет ана-ара (еиуеиҧым асаитқәа) ирыларшәу аҧсуа ашәақәа ртекстқәа. Атема хацҳаркоит асаит http://abyzshwa.narod.ru ала.

Акофҭа шкәакәа
О бара уа инеиуа акәафҭа шкәакәа зшәу
О бара уа инеиуа акәафҭа шкәакәа зшәу
Сымыш боума сзыргәаҭеиуа мамзар аҽаӡәу?
Арахь бааҧшишь ахцәы қамыз исҳәо бмаҳауеи!
О бара уа, О бара уа
Сымыш боума сзыргәаҭеиуа мамзар аҽаӡәу
Уаа уараида раида Уасараида ра
Уаа уаридара Уасараида ра
О бара уа инеиуа акәафҭа шкәакәа зшәу
О бара уа инеиуа акәафҭа шкәакәа зшәу
Зыҽны бызбаз аҽны инаркны сазкуам адунеи ашәҭқәа сразҵаан ихырқәақәеит ажәҵыс уа иҧрит
О бара уа, О бара уа
Сымыш боума сзыргәаҭеиуа мамзар аҽаӡәу
Уаа уараида раида Уасараида ра
Уаа уаридара Уасараида ра
О бара уа инеиуа акәафҭа шкәакәа зшәу
О бара уа инеиуа акәафҭа шкәакәа зшәу
Бара бакәзар игәаранҵәаз Исҳәо аабырҳа
Аҧсҭазаараҿ ҳаимҩалацәаз сыхаара аҭыҧҳа
О бара уа, О бара уа
Сымыш боума сзыргәаҭеиуа мамзар аҽаӡәу
Уаа уараида раида Уасараида ра
Уаа уаридара Уасараида ра
Аҧсҭазаараҿ ҳаимҩалацәаз сыхаара аҭыҧҳа

Бааи, сылашара
Амҩа сықәуп амра цара
Ашәахәа са исҿаҧхоит.
Хәыцрак салоуп сымацара
Схы-сыхшыҩ еилагоит.
Бааи сылашара, бааи сыблеиқәара
Ба бами сгәаҵа иҭоу.
Оооо
Амҩа сызқәыу хара сагашам
Ба бахь ауп уи ахьцо.
Амра икыдуп зынӡа иҭашәашам
Ҳа ҳами уи зкаҧхо.
Бааи сылашара, бааи сыблеиқәара
Ба бами сгәаҵа иҭоу.

2

Салуман ахаҵа
Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз
Ашьыбжьаанӡа зашьа ишьа зуз
Салуман ахаҵа!
Шәақьк иҭыҵыз хык азыҳәан
Ҵлак згәы ҭрысны иавамгыло
Салуман ахаҵа!

О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!
О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!

Ҧҳәыск илыхшаз аӡә изыҳәан
Амҩахәасҭа имҩахымҵуаз
Салуман ахаҵа о!

Аҭауадцәа жәлар зыргәаҟуаз
Иашьа дышьны ибналақәаз
Уа дырхьымӡеи уа!

О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!

Азамаҭ
Ҳаи гьеди Азамаҭ!
Иҧҳәыс лара – Фатимаҭ
Рыҧҳа ҧшӡа – Салимаҭ
Дара рыҷкәын Иарамаҭ!

Ҳа ҳаира рерашьа
Уа ҳа ҳа ҳаира
Ҳа ҳаира амарџьақәа
Уа ҳа ҳа ҳаира

Рхәыҷы ҧшӡа абаҳчаҿы
Аҳәса ахацәа рымхаҿы
Амца иалҵуа рҽага аҿы
Ианыҷҷалоит рхы-рҿы.

Ҳа ҳаира рерашьа
Уа ҳа ҳа ҳаира
Ҳа ҳаира амарџьақәа
Уа ҳа ҳа ҳаира

Иара бзиа дцәаҕәаҩын
Иеиҧш иҧҳәыс драшәаҩын
Рыҧҳа ҧшӡа дыҵаҩын
Дара рыҷкәын дырҵаҩын

Ҳа ҳаира рерашьа
Уа ҳа ҳа ҳаира
Ҳа ҳаира амарџьақәа
Уа ҳа ҳа ҳаира
ОО Уарадара
ҳа ҳа ҳаира…

3

Аҧсны Агимн
Шәнеибац, шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Аҧсны азыҳәан
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Ахақәиҭраз
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра!
Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп
Уара уда Аҧсынра!
Еҵәa-бырлаш Аҧсынтәыла,
Улҧха згәаҵақәа ирҭыҧхо,
Геи-шьхеи рыҧшӡара зыҧшнылаз.
Жәлар ламысла иҳаракхоит.
Рада, Реида, Рарира
Рада, Рерама, Рерашьа.
Нарҭаа риирa-зиироу
Афырхацәа Ран-Гуашьа
Аҧсынтәыла иҧшьоу атәыла
Зхы здиныҳәалаз Анцәа
Зқьышықәсала имҩасхьоу гылоуп
Рыжәҩа еибырҭоит уҧацәа.
Шәнеибац Аҧсныжәлар!
Аишьцәа, шәнеибац!
Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп!
Ҳазшаз илаҧш
Ҳхуп иаҳхымшәо
Ҧеиҧш лаша ҳзыҧшуп!
Шәнеибац, Аҧсныжәлар,
Игылеит ҳамра,
Иақәым ҭашәара!
Урылагәырҕьа,
Анра-ахшара
Шьардаамҭа, Аҧсынра.


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » Аҧсуа Форум » Аҧсуа ашәақәа