Аҧсуа-адыга жәларқәа еицырзеиҧшу ахацәа рыхьыӡқәа иаазыркьаҿу ржәар
Аазиз – адыгаа рҟны ари ахьыӡ х-формак арҿиеит: Азиз, Хьэзиз, ГIазиз. Араҧ хьӡуп. «Адуӡӡа, акыр иаҧсоу, арҕәҕәаҩы» ҳәауп иаанаго.
Ааиса – адыгаа рҟны ари ахьыӡ иамоуп х-формак: Аисэ, Айсэ, ГIисэ. Араҧ хьӡуп. Ахьыӡ Иса аҟынтә иаауеит. «Анцәа илҧха» ҳәауп иаанаго.
Абас – адыгаа рҟны иуҧылоит ҩ-формак: Абас, Хьэбас. Аиадыгьтәылаҿ иуҧылоит ажәла «Абас» (урысшәала – Абасов). Ахьыӡ ахаҭа аҧсылманра ашьаҭаркҩы Муҳаммад иуа гәакьацәа ируаӡәку (Абас) ахьыӡ аҟынтә иаауеит. «Злеишәа цәгьоу, зылахь еиҵыхым» ҳәауп иаанаго.
Абахә – адыгаа рҟны Абыхъу. Ари ахьыӡ адыга ҵарауаа, аҵакы шьақәмыргылакәа, араҧ хылҵшьҭра змоу ахьыӡқәа ирыларҧхьаӡеит. Аха араҧ хьыӡқәа ржәар аҿы Абахъ-Абыхъу ҳәа аформа змоу ахьыӡ ыҟаӡам. Ҳара ҳгәаанагарала, Абахә-Абыхъу – ари аҧсуа жәлақәа иреиуоу Абыхәаа (Абахәба) рыжәла ашьаҭа иадҳәалоуп, аҧсуа хьыӡқәа иреиуоуп, урысшәала «скала» ҳәауп иаанаго. Ҟабарда-Балқариеи Ҟарачы-Черқьесиеи рҿы иуҧылоит Абыхәаа ирашьцәоу, ажәлахьӡы «Абыкъуэ» ныҟәызго ашәуааи адыгааи.
Абаџьа – иаҳҧылоит аҧсуаа рантропонимиаҿ. Адыга бызшәа аҟынтә иаауа ахьыӡқәа иреиуоуп. «Баджэ» - адыгшәаҿы «абга» ауп иаанаго.
Абдала – адыгаа рҟны ари ахьыӡ ҧшь-формак амоуп: Абдул, Амдул, Андул, ГIабдул. Араҧ хьӡы Абдуллаҳ (Abd Allah) иаазыркьаҿу формоуп. «Аллаҳ итәы» (раб Аллаха) ҳәауп иаанаго.
Абзагә – аҧсуа ҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи ргәаанагарала Абзагә ҧсыуа хьӡуп, «ибзоу агәы» ҳәа аанагоит. Иҟалап уи иашазаргьы. Аха абраҟа иазгәаҭатәуп, ари ахьыӡ адыга бызшәагьы ишазааигәоу. «Бзако» (бзагуэ) – адыгшәала «аҿаҳа» ҳәауп иаанаго.
Аҧсуа-адыга хьыӡқәа
Сообщений 1 страница 3 из 3
Поделиться111 апреля, 2010г. 15:47
Поделиться211 апреля, 2010г. 16:00
Абзоу – аҧсуаа рҟны иаҳҧылоит «Бзоу» ҳәагьы. Адыгажәа «бзыу» (аҵыс) иадҳәалоуп. Ишдыру еиҧш, Бзоу – аҧсуаа зегьы рҿиамҭала еицырдыруа рашьхьӡуп. Аҧсуаа арашь, ҵысҵас иахьыҧыруаз аҟынтә, аҧсаатә иадыркылон.
Абрагь – адыгаа рҟны «Абрэдж» ҳәа иуҧылоит. Иҟоуп ари ашьаҭа злоу адыга жәлақәагьы: Абрэдж (Абрегов), Абрэджыкъуэ (Абрегуков). Ажәа «абрагь» уҧылоит ауаҧсаа рбызшәаҿгьы. Ҳара ҳгәаанагарала, аџьамцәа рбызшәа иадҳәалоуп, «ақәылаҩ, абна илоу, аҩны змам» ҳәауп иаанаго.
Абыгә – адыгаа рҟны иаҳҧылоит «Быгуэ» (Бугов) ҳәа ашәҟәы иҭаҩҩу ажәла. Аҧсуа-адыга жәларқәа рхатәы хьыӡқәа иреиуоуп, аха иахьазы аҵакы цқьа еилкаам.
Агьиреи – адыгаа рҟны ари ахьыӡ ҩ-формак арҿиеит: Джэрий, Чэрый. Ҟрымтәылатәи аҳцәа рдинастиа ахьыӡ аҟынтә иаауеит.
Агәажә – адыгаа рҟны ари ахьыӡ аформа «Гужъу» ҳәа иуҧылоит. Аҧсуа-адыга жәларқәа еицырзеиҧшу хьӡуп. Аҧсшәаҿгьы, адыгшәаҿгьы ҵакызаҵәла иааҧшуеит. «Згәы ажәу, агәыжә змоу», мамзаргьы «агәду змоу» ҳәауп иаанаго. Аҧсны иуҧылоит ари ахьыӡ шьаҭас измоу Гәажәаа рыжәла (Агәажәба).
Поделиться316 апреля, 2010г. 08:05
Аҕәырлы – адыгаа рҟны ари ахьыӡ ҩ-формак амоуп: Огъурлы, Угъурлы. Иара убас аҟабардқәа реилазаараҿ иҟоуп «Угъурлы» (Огурлиев) ҳәа ашәҟәы иҭаҩҩу ажәла. Ари ахьыӡ ҳҧылоит ашәуа бызшәаҿгьы «уагIвырльы» ҳәа. Аҭиурқ хьыӡқәа иреиуоуп. Иаҿшәырҧшы аҟарач-балқар ажәа «огъурлу» (иразу, иҳалалу, насыҧ змоу).
Адагәа – адыгаа рҟны иуҧылоит «Дагуэ» ҳәа. Иҟан ажәлагьы: Адагәа-иҧа. Адыгаа рҟны ажәа «дэгу» иарҿиеит ҧшьы-жәлак: Дагуэ (Даго), Дэгу (Догов), Дэгуахъуэ (Дакахов), Дэгужьей (Догужаев). Ашәуа рҟны иҟоуп ажәла Дагвжвей (Дагужиев).
Адамыр – адыгаа рҟны иуҧылоит ари ахьыӡ иадҳәалоу еиуеиҧшым аформақәа: Адемыр, Адмыр, Айдэмыр, Андемыр, Дамыр. Аҧсуаа рҟны ирҳәоит «Дамыр» ҳәагьы. Аҟабард ҵарауаҩ Кәакәа Џьамалдин игәаанагарала, Адамыр араҧ хьӡуп, «агәы, анамыс» ҳәа аанагоит. Аха араҧ хьыӡқәа ржәар ахьыӡ Адамыр алаӡам. Аҭиурқ жәларқәа рыхьыӡқәа иреиуоуп. «Демир» ҭырқәшәала «аиха» ауп иаанаго.
Адгәыр – ари ахьыӡ иаҿшәырҧшы аҟабард бызшәа иалоу ажәа «дыгуэрлы» - ари Уаҧстәыланхыҵ, Дигора, инхо, ауаҧс жәлар иреиуоу, зхатә цәажәашьа змоу, адыга жәлар еиҳа ирзааигәоу жәлартә гәыҧуп. Адыгаа рҟны иҟоуп ажәла Дыгуэрлы (Дугорлиев).