Агәра згоит ҳ-форум ахархәаҩцәеи асасцәеи рахьтә уажә ишәыдызгало атема ҿыц гәцаракны аҭҵаара нап азызкуа ауаа рхыҧхьаӡара шырацәахо. Уи ахаҭа дыррала ирҭәны, алкаақәа рыла еиқәыршәаны, доуҳала ирбеианы ианаҳзыҟаҵа, иара атема, моу, ҳ-форум ааидкылангьы, аринахыс аҭааҩы дагымхо иҟалар ауеит, аҳаҭыргьы ҕәҕәала ишьҭыҵраны иҟоуп.
Имаҷым ажәаҳәаратә ҟазаразы иуҳәаша, уаҟа иҭуҵааша, ицәыругаша. Иахьазы ари аҟазара аҭҵаара аус гәыгәҭажьуп, хаҭала иҭызҵаауа дамаӡам. Исабжьажәгои, аҩызцәа, абри аҭагылазаашьа арҽеиразы? Агәра ганы сыҟоуп шәара абри аус лымкаала шәшадгыло, Аинтернет хьаҳәа-ҧаҳәада иҭоугало аҧсуа шрифт шәымазҭгьы, сызҵаара ҭакда ишааншәмыжьуаз…
Ажәаҳәаратә ҟазара амаӡақәа рцәыргара ҳалагаанӡа, шәааи, еилаҳкаап ҭоурыхла иаадыруа ауаа дуқәа уи азы ирҳәоз. Наполеон Бонопарт иҳәон «ацәажәашьа ззымдыруа акариера изыҟаҵом» ҳәа. «Ауаҩы усурҭаҭыҧла иаарласӡаны иеизырҳара, ибзиаӡаны ацәажәара шацхраауа еиҧш, даҽа ҟыбаҩк уи азы алшара унаҭараны иҟам», - иҳәон Чонси Депиу. Тамотсу Шибутани игәаанагарала, «Ибзиаӡаны иззымцәажәо рахь ауаа аҳаҭыр рцәыӡуеит, ҳаҭырла ирызныҟәо иалагоит уадаҩрада ажәақәа зырхәмаруа ауаа». Сенека иҳәон «абызшәа хшыҩырбагоуп» ҳәа. Томас Елиот изныкымкәа иҳәалон «ацәажәара бзиа збоит, уи ахәыцраҿ ицхыраагӡоуп» ҳәа. Деметри Фалерски иажәақәа рыла иаҳҳәозар, «аибашьраҿ аиха иалшо, аполитикатә ҧсҭазаараҿ изылшо ажәа заҵәык ауп». Цицерон иҩуан «ацәажәаҩ бзиа иажәа аҿаҧхьа абџьаргьы хырхәоит» ҳәа. Иааизакны иаҳҳәозар, ауаҩы иажәоуп уи дҳараку-дасоу, дыбзиоу-дыцәгьоу, дҟәышу-дгаӡоу аазырҧшуа, иҵаҵәаху амаӡақәа цәырызго, иаҧхьаҟа илшараны иҟоу ҳәаақәызҵо. Шәара шәгәы ишҧаанаго?
Уажәы абраҟа ишәзанысҵоит ажәаҳәаҩцәеи ажәаҳәаратә ҟазареи ирызку афоризмқәак. Англыз шәҟәыҩҩы Семиуел Батлер иҩуан: «Иреиӷьӡоу ацәажәаҩс дыҧхьаӡоуп хыҧхьаӡарала ажәақәа еиҳа ҳәаны зегь раасҭа инеиҵаны ицәажәаз». Америкатәи ашәҟәыҩҩы, ажурналист Уилиам Беркетт иҩуан: «Азыӡырыҩцәа рсааҭқәа ирыхәаҧшуазар, уи рацәак акгьы аанагом. Еиҳа еицәоуп урҭ «мшәан, иҟалеи, ҳсааҭқәа аангыламашь?» ҳәа идырхыџхыџуа иалагар». Афранцыз жәеинраалаҩҩы Поль Клодель иажәақәа рыла иаҳҳәозар, «ураҳаразы убжьы ҭугароуп, иузыӡырҩырц азы ашьшьыҳәа уцәажәароуп». Алорд Брабазон иҳәон: «Ажәаҳәаҩы 20 минуҭ анизымха, дзықәгылоу атрибуна днықәҵны ашәҟәы аҩра далагааит» ҳәа.
Аҧсуаа рҿалаҳәараҿы ласы-лассы иуҧылалоит ажәаҳәаратә ҟазара иазку, уи аҟазара акәамаҵамақәа зныҧшуа ажәаҧҟақәа. Иаагап ҿырҧштәқәак. Аҵабырг уҳәар – аҧсы даргылоит. Аӡыхь бзиеи ажәа ҟәандеи гәырҧсаҳәагоуп. Ашаха аузар, ажәа кьаҿзароуп. Иузыӡырыҩуа урыҧшны уажәа ахы кы. Абз уаҩ дахәуеит, абз уаҩ дахәшәтәуеит. Аҧсшәа амаҭҵәҟьагьы аҭра иҭнацоит. Ажәагьы ашәага амоуп. Ҩынтә уазхәыцны знык иҳәа. Шьарда сҳәашан, сҿы ӡыла иҭәуп акәымзар, - аҳәеит аҧсыӡ. Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Абз зҿоу аҳәа ццышә иҭахӡам. Хы ҧсыргьы жәа ҧсуам. Баша ацәажәара аҵкыс, баша аныҟәара еиӷьуп. Ацәажәаҩ мцәажәарала дуҧыругароуп.