Аҧсуара – ари аҧсуа жǝлар рҵас-рқьабз зныҧшуа, аҧсуацǝа зыҟǝну, аҧсуа иҧсҭазаара гǝыцǝс иамоу, аҧсуа даҧсыуаны егьырҭ амилаҭқǝа дыдзырдыруа, аҧсуаа жǝларык раҳасабала еиқǝзырхо доуҳатǝ культуроуп. Ажǝа «аҧсуара» ҵакыла ишҳǝаадамгьы, уеизгьы-уеизгьы дунеи дуӡӡак иаҟароуп. Уи аҭҵаара, уи адырра, уи ақǝныҟǝара мариаӡам. Аха иҭҵааны ианудырлак, аҧсуара еиҕьу акгьы ыҟаӡам. Уи рҧшӡагоуп, аамсҭашǝоуп, хеиқǝырхагоуп, ҩызарҳагоуп.
Ажǝа «аҧсуара» адунеи ишахаанугьы ҵарадыррала аҭҵааразы раҧхьаӡа ицǝырган 1967 шықǝса рзы. Усҟан, даара ишыуадаҩызгьы, раҧхьаӡа «аҧсуара» ҳǝа ажǝа ахаҭа цǝырганы аҳǝара згǝаҕьыз ҵарауаҩын аҧсуа хаҵамҧҳǝыс, апатриот ду, афилологиатǝ ҭҵаарадыррақǝа ркандидат Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрыл.
Иааизакны аҧсуара ҵарадыррала иҭызҵаахьоу аҧсуа ҵарауаа иреиуоуп Инал-иҧа Шьалуа Денис-иҧа, Смыр Григори Уаҳаид-иҧа, Кǝыпраа Арвелод Ерасҭа-иҧа, Дамениа Олег Несҭор-иҧа, Читашева Римма Григори-иҧҳа, Кǝыҵниа Мзиа Баграт-иҧҳа, Ҳашыг Никǝала Ҷыф-иҧа уҳǝа убас егьырҭгьы.
Аҧсуара аҵакы ажǝак-ҩажǝак рыла иузҳǝом. Сара сгǝанала, аҧсуара – уаҩроуп, ааӡароуп, аамсҭашǝароуп. Аҧсуара иадҳǝалоуп аҧсуа қьабзи аҧсуа леишǝеи. Ҳажǝлар ркультураҿ иҟоуп урҭ злашьақǝгылоу бжь-еилкаарак: ауаҩра, аламыс, аҟǝышра, ахьӡи-ахьымӡҕи, ачеиџьыка, ажьрацǝара, ахаҵара.
Ауаҩра – ари, жǝаҳǝарада, аҧсуара гǝыцǝс иамоу еилкаароуп. Аҧсуа жǝаҧҟақǝа зеиҕьаҟам ала иаадырҧшуеит аҧсуа иуаҩра даҽаӡǝ иуаҩра излаламҩашьо аҟазшьақǝа. «Ауаҩра ахьыҟам, - рҳǝеит аҧсуаа, - аҧсуарагьы ыҟам». Ауаҩра злоу аҧсуа дзықǝныҟǝо аҧҟарақǝа ирхадазароуп аихаҵгылара. Иазгǝаҭатǝуп, аҧсуаа реихаҵгылараҿ хǝыҷи-дуи, мамзар иаҧсоуи-иаҧсами ҳǝа еилых шыҟарымҵоз. «Зых пату ақǝызҵо, иаҧсамгьы дихаҵгылоит» рҳǝон аҧсуаа. Ажǝаҧҟақǝа иҳаҵарҳǝоит аҧсуа иҧсуара аныҟǝгараҿы зҽызцǝихьчаша аҟазшьа аҷыдарақǝа: ашьыцра, аҧхамшьара, аццакра, инамцхǝны агǝеибафара, агǝнымыҩра, ахырҽхǝара.
Аламыс, аҧсуаа рдунеихǝаҧшышьала уазхǝыцуазар, ари Анцǝа ауаҩы даниша инаркны илеиҵаз, мамзаргьы аҭаацǝа ирыбзоураны ауаҩы илааӡоу цǝаҩоуп. Аҧсуа иламыс аҵакы дуӡӡоуп: уи, изларҳǝо ала, быжь-гǝыжьк ирзышьҭыхуам. Иазгǝаҭатǝуп, ауаҩреи аламыси, арҭ аҩ-еилкаарак, акыр ишеизааигǝоу. Аха егьа еизааигǝазаргьы, арҭ аилкаарақǝа реилаӡҩара иашам. «Ауаҩра», сара сгǝаанагарала, ҵакыла еиҳа иҭбаауп «аламыс» аасҭа.
Аҧсуара ухахьы иузаагом ҟǝышрада. Ауаҩы ибла иамбар, ибла иабаз ихы иаҧсамхар, ихы иаҧсахаз дақǝымныҟǝар аҧсуарагьы абаҟалоз? Ус анакǝха, иаҳҳǝар ҟалоит аҧсуара зырҿиаз ашьаҭақǝа ишреиуоу, аамҭала раҧхьаҟа ицǝырҵыз аҟǝышра.
Ахьӡи-ахьымӡҕи – ари аҧсуа иҩаӡара шǝага-загас иамоу рбагоуп. Иззымдыруа аӡǝ дыҟоуп ҳǝа сыҟам ахьӡ арҳара шыуадаҩу, аныхра шымариоу, ахьӡ арҳара шыҩадароу, аныхра шыладароу. Даҽакала иаҳҳǝозар, шǝышықǝсала ажǝла ахаҭарнакцǝа еихаҳауа иааргоз рыхьыӡ ажǝлар рҿаҧхьа, кǝтыҿарҳасрак ахмырҵыкǝа, ибжьихыр алшоит уи ажǝла рхаҭарнак заҵǝык.
Ласы-лассы ана-ара иуаҳауеит «аҧсуа чеиџьыкала дудыруеит» ҳǝа. Аиашазы, аҧсуаа ҳчеиџьыка иалшахьоу маҷым. Агǝра згоит, ҳажǝлар рчеиџьыка акырынтǝ ажǝылара зҭахыз ҳаҕацǝа шааннакылахьоу, ҳаилызкаарц зҭахымыз ауаа шаанарҳǝхьоу, иаци-иахьеи иҳадгылоз ауаа рыдгылара рацǝаџьара ҵаҵҕǝыс ишамоу аҧсуа ичеиџьыка. Уи азы акǝзар ҟалап аҧсуаа изырҳǝогьы «ачеиџьыка Анцǝагьы дыхнахуеит» ҳǝа, «Аҧсны баагǝарас иакǝыршоу чеиџьыкоуп» ҳǝа.
Аҧсуа ҭоурыхла иҧшӡоу ажǝларқǝа иреиуоуп. Иҧшӡоу анысҳǝа, инаҵшьны иазгǝасҭар сҭахуп аҧсуа жǝлар шыҧшӡоу ҩныҵҟалагьы, адǝахьалагьы. Уи аҧшӡара шьаҭамырӡгас, еиқǝырхагас иамаз, иамоу, иамазаауа жьрацǝароуп. Ажьрацǝара ажǝлар ҳаранакуеит, уи ахьаамкра уцǝа ҧнаҽуеит, угǝы бжьнахуеит, уинахысгьы еиҳа-еиҳа ацǝгьоура угǝанарҧхоит. Ауаҩы ижǝлар рҭоурых аиҧшҵǝҟьа иидыруазароуп ижǝлахылҵшьҭра аҭоурыхгьы. Иахьазы сара еиқǝырханы исымоуп сареи, саби сани, ҩыџьа сҧацǝеи ҳхылҵшьҭра аазырҧшуа, хьӡыла 88-ҩыки жǝлала 38 жǝла злоу асхема.
Ахаҵара – ари аҧсуа иҧсабароуп. Ахаҵа изы хаҵарада адунеи ақǝзаара хьымӡҕуп. Усҟан адунеи уқǝымзар еиҳа еиҕьуп. Мышкы ииз, ҳǝарада, мышкы дыҧсуеит, аха ашǝаргǝында, изларҳǝо ала, дшǝацыҧхьаӡа дак илҧсаауеит, шǝы-шықǝса ниҵзаргьы шǝынтǝ дыҧсхьеит ҳǝауп ишырҳǝо. Хыхь сара машǝыршақǝ исгǝаласмыршǝеит ҳхылҵшьҭра аҭоурых аҭҵаара. Ҳара ҳазхылҵыз ауаа, уажǝ ахацǝа ртǝоуп исҳǝо, зегь реиҳа изызхǝыцуаз ахьӡи-ахьымӡҕи ракǝын, ахаҵара рылан, аӡǝ ишьҭахь игыломызт, рчеиџьыка ҭбаан, иҽыжǝлаҩын-иҽыжǝҵҩын, рыхьӡ Аҧсны, моу Кавказынхыҵ иахыҵǝахьан. Иҟан ҳара ҳабдуӡӡацǝа рҟынтǝ Ҭырқǝтǝыла ибзианы ирдыруазгьы.
Сара схаҭа сызхылҵшьҭроу ажǝлақǝа ракǝзар, урҭ рыхьӡ-рыҧша аҭоурых ибзиаӡаны иадыруеит. Абар урҭ иаазыркьаҿу реиқǝҧхьаӡа: Дасаниаа, Еныкьаа, Чагǝаа, Анқǝабаа, Аӡынаа, Саӡаа, Хьациаа, Ҭыршаа, Смыраа, уҳǝа убас егьырҭгьы. Сабдуцǝеи сабдуӡӡацǝеи рҟынтǝ еиҳа инагаз, хаҵарала, ҧсыуарала, хьӡыла-ҧшала кашǝара зқǝым аҳаҭыр зырҳаз ауаа иреиуоуп: «унеишь-уааишь» ҳǝа зарҳǝоз, ақыҭа Жǝандǝырҧшь абыргцǝа дуқǝа иреиуаз Дасани Кьына, Аҧсны асовет мчра аира иазықǝҧоз, ақыҭа Бармышь ахагылацǝа иреиуаз, актǝи аимпериалисттǝ еибашьра иалахǝыз Еныкь Мақсыма. Иара убас Бзыҧ-Абжьуа еицырдыруаз ахацǝа: Гьегьи Сагьаса, Чагǝаа Аабыџь, Чагǝаа Баҕ, Ҭырш Ҭаршьмахǝ, Еныкь Башькǝыҭ уҳǝа аӡǝырҩы. Абраҟа лымкаала иӡбахǝ ҳǝатǝуп аҭырқǝ сулҭан Абдул-Ҳамид II иабхǝындацǝа иреиуаз, сара санду лабду Чагǝаа Баҕ. Ари аҭоурых дууп, иахьатǝи сҩымҭа исзаларӡҩом, аха аҧхьаҩцǝа агǝра дсыргоит дук хара имгакǝа уи аҭоурыхгьы сшалацǝажǝо.
Иахьа аҧсуа ҵарауаа аҧсуара ианалацǝажǝо еимактǝыс-еиҿактǝыс ирымоуп азҵаара – иарбану аҧсуарахь иҧхьаӡатǝу, иарбану иҧхьаӡатǝым. Ҧсыуароума, иаҳҳǝап, аҧсуаа рынцǝахаҵара, ҧсыуароума урҭ рбызшǝа, рыкǝашарақǝа? Мамзар аҧсуара – уи аҧсуаа рхымҩаҧгашьа заҵǝык акǝу? Аҭак иаша ашьақǝыргылара ҳҭахызар, ҳара ҳрыҧхьароуп ҳҵарауаа ари азҵааразы ирҳǝо, ирыҩуа, излацǝажǝо. Урҭ еицҿакны ирыҩуеит аҧсуара ишалоу аҧсуаа рынхашьа-нҵышьа, рҵас-рқьабз, рбызшǝа, рлеишǝа, рыжьрацǝара, реигǝылара, рысасдкылара, рашǝаҳǝара, рыкǝашара, уҳǝа убас егьырҭгьы. Аҧсуара атǝы нагӡаны иузҳǝом, иаҳҳǝап, ҳажǝлар рыфатǝ-рыжǝтǝ, рышǝҵа-рҟǝынҵа, рчараушьа, рҽыжǝлашьа-рҽыжǝҵшьа ҳрыламцǝажǝар.
Абраҟа иазгǝаҭатǝуп ҧсыуарада ишзыҟамло ҳажǝлари ҳҳǝынҭқарреи. Аҧсны ҕьацар ҳҭахызар, уи аиқǝырхара, аизырҳара, ахьӡ-аҧша арҳаракра хьаас иҳамазар, хǝыҷи-дуи зегьы еилых ҟамҵакǝа ҭаҷкǝымҵас ҳаилаҵǝароуп, ҳаизхǝыцроуп, иаадыруазароуп иара уажǝгьы ааигǝа дшыҟоу ҳаҵарбгара иашьҭоу аҕа. Имаҷым адунеиаҿ аҵарауаа згǝы иаанаго, аҧсуаа реиҧш зхыҧхьаӡара маҷу амилаҭ ҧсынҵра змам милаҭуп ҳǝа згǝы иаанаго. Аха сара издыруеит аҧсуара – ҳхеиқǝырхара ишахǝшǝу. Шǝааи, нас, иҳалшо зегь ҟаҳҵап аҧсуара ашьаҭақǝа рырҕǝҕǝаразы!
Иҭаҳҵаауеит аҧсуара
Страница: 1
Сообщений 1 страница 1 из 1
Поделиться120 октября, 2011г. 09:10
Страница: 1